Аԥсны ахада Науру Ареспублика Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит

© AFP 2023 / TORSTEN BLACKWOODРеспублика Науру
Республика Науру - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Науру Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымреи азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаларазы аҳәамҭа ҟанаҵеит 2009 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Науру Ареспублика ахада Лианел Роуен Енгимеи ртәыла Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы.

"Аԥсны жәлар рыхьӡалеи сара хаҭала сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит Науру Ареспублика Ахьыԥшымра амш. Ахьыԥшымрахь амҩа заҟа уадаҩра ацу ибзианы издыруа, ахақәиҭреи ахатәы ҿиарамҩеи аиуразы агәымшәареи агәаӷьреи аазырԥшыз Аԥсны жәлар гәык-ԥсыкала аиҩызаратә Республика Науру ажәлар ирыцгәырӷьоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҟны. 

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Науруи аиҩызара бзиа шрыбжьоу, пату шеиқәырҵо, рыгәра шеибаго.

Иара убасгьы иара иҳәеит "аҩганк ирзыфеидоу наҟ-наҟ аусеицура ацҵара" дшазыхиоу.

Ԥхынҷкәын 15, 16 2009 шықәсазы Ареспублика Науру Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымреи азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаларазы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

2018 шықәсазы Аԥсни Науруи рнапы аҵарҩит Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаа визада аиҭанеиааира рылзыршо аиқәшаҳаҭра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0