Џьгьарда ақыҭа афельдшер Асида Амҷыԥҳа: егьа ус сымазаргьы, счымазаҩ аԥхьа дгылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхы-зыԥсы зус иазызкуа, ачымазцəа ԥсыс ирхоу, Џьгьарда ақыҭан инхо, афельдшертə пункт напхгара азҭо Асида Амҷыԥҳа илызкуп Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ауаҩытəыҩса ԥсабарала иара иҷыдаҟазшьоу абаҩхатəра ҳазшаз илаиҵоит, анаҩс уи иԥсҭазаара зегьы мрашəахəаны иаҿыкəыршоуп. Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа инхо Асида Амҷба-Чхьынџьериа абар уажəшьҭа ҩажəа шықəса инареиҳауп, ақыҭауаа изларҳəо ала, "ԥсыс" дырхоижьҭеи, раԥхьатəи амедицинатə цхыраара рыҭара инаркны рыхəышəтəра аус лнапы алакуижьҭеи. Лынхарҭаҩны акəзар, ахəышəтəырҭатə хыбреиԥш зегьы рзы ашəқəа аартуп, афельдшертə пункт напхгара алҭоит.

© Foto / Предоставлено Амичба АсидойАмичба Асида
Џьгьарда ақыҭа афельдшер Асида Амҷыԥҳа: егьа ус сымазаргьы, счымазаҩ аԥхьа дгылоуп - Sputnik Аҧсны
Амичба Асида

"Ачымазцəа зегьы ргəабзиаратə ҭагылазаашьа еиԥшӡам. Иҟоуп зшьапы иқəгыланы зчымазара зхызго, иҟоуп аиарҭа иамоу. Урҭ зегьы гəцаракрыла урзыҟалароуп. Аҩныҟа ицаны амедицинатə цхыраара рыҭатəзар, сцоит, иҟоуп арахь аҩныҟагьы ианысзаауа. Аиаша шəасҳəоит, мышкы сгəы рҭынчны имцаӡац, еснагь амҩахь сыԥшуеит, аӡəыр даауама, мамзаргьы аҭел аӡəыр дысзасуама, аӡəыр акыр ихьма", - ҳəа азгəалҭоит Асида Амҷыԥҳа.

Ҟазшьала акыр иҟəымшəышəу, уи иацназго аҭеиҭыԥш змоу, зҿабызшəа хаау, зегь рызнеишьа иақəшəо Асида Амҷыԥҳа - аԥсуа ԥҳəыс лҟазшьа ссирқəа зегьы лара илылоуп. Ҭаацəала аԥсыуак ишиаҭəоу еиԥш рхы ныҟəыргоит. Лара ҩыџьа арԥарцəеи ҭыԥҳаки дрануп, изҳауеит лмаҭа хəыҷгьы. Аҩнтəи аусқəа зегьы ишахəҭоу еиԥш инагӡаны, ақыҭа ауааԥсыра рымаҵ аура дақəшəоит. Лџьабаа акыр ишырацəоугьы ахааназы лхы-лҿы еихамыччо дубом. Асида излалҳəо ала, амедицинатə ус лнапы алакижьҭеи, иҟоуп лыԥсҭазааратə ԥышəаҿы лгəалашəараҿы иаанхаз ахҭысқəа.

"Ус еиԥш иҟоу ахҭысқəа рацəоуп. Машəырла ауаҩы ахəра иманы дысзааргахьеит. Ишахəҭаз еиԥш ихəра ҿыӡəӡааны ирҽеины исӡахит. Абас еиԥш раԥхьатəи ацхыраара иҭаны ахәышəтəырҭахь ддəықəаҳҵеит. Уа дахьнаргаз, ииашан иҟаҵоуп ҳəа азгəарҭеит, абасала иԥсы ахьеиқəсырхаз сара сзгьы инасыԥуп ҳəа сыԥхьаӡоит", - лҳəеит Асида.

Убас еиԥш, Асида дзықəшəахьоу ауаҩиԥсҿыхра иадҳəалоу ахҭысқəа иҵегьы ыҟоуп. Урҭ реиҭаҳəара рацəак дазыразым, "сус ауп инасыгӡаз" ҳəа азгəалҭоит. Лара лхы-лгəы аҟынӡа инаганы, лыԥсы ахҭынҵаны дарбанызаалак ауаҩы ихəышəтəра дазыхиоуп, уи лҭаԥхықəра хадақəа ируакны илыԥхьаӡоит.

Ламара Хашба-Кучуберия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Река ақыҭа афельдшер: ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит

"Абнахь шəарыцара иахьыҟаз, аӡəы машəырла ахы иқəшəеит, шəарахыз џьшьа иеихсит. Сара сахь данылбаарга, ихы изымдыруа дыҟан, патоура имамызт. Ихəра аусадулара салагаанӡа, раԥхьатəи ацхыраара изыҟасҵеит, ишьа аанызкылоз, игəы зырӷəӷəоз уҳəа агəырқəа, ахəшəқəа игсмырхеит. Хԥа-ԥшьба сааҭ ихдырра ицəыӡны дыҟан, анаҩс иоуз ацхыраара иабзоураны 20 минуҭ рыла иԥсы илалеит. Саргьы сгəы ааиқəысҳəалан, ихəра ааԥыртланы иҿасҳəеит, ажəакала иԥсы еиқəсырхеит", - ҳəа азгəалҭоит Асида Амҷыԥҳа.

Адунеи аҿы иҟоу аҿкычымазара, хымԥада, ҳара ҳтəылаҟынӡагьы имааӡар алымшеит. Асида, излалҳəо ала, Џьгьарда ақыҭа, анцəа иџьшьаны, ари аганахьала аҭагылазаашьа цəгьам.

"Раԥхьа ари аҿкычымазара анцəырҵ, ишрыхьуаз ззымдыркəа ишьҭақəаз ыҟан, рыҩныҟа сцаны акапельницақəа, агəырқəа рзыҟасҵон. Издырыргьы, схы ԥхьаскуамызт, еилкаауп, ачымазаҩ аҳақьым ида игəабзиара ашьақəыргылара ҟалашьа шамам. Араион аҟынтə раԥхьа-раԥхьаҵəҟьа ахыхьчагатə маҭəахəқəак ҳарҭеит, асабрадақəа, анапҭарԥақəа, адезинфекциа злаҟаҳҵақəоз уҳəа. Ирылшо ала акы анрымоу иҳацхраауеит", - ҳəа азгəалҭоит Асида Амҷыԥҳа.

Иҟоуп Асида лара лхатə харџьала ахəшəқəа анаалхəогьы. Аӡəы акы ааихьыр, раԥхьатəи ацхыраара злаҟалҵо еснагь илызҭоуп.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

"Еснагь агəаҽанызаара сымоуп, хəшəык сымамкəа иҟамлаӡац. Егьа ус сымазаргьы, сара сзы ачымазаҩ аԥхьа дгылоуп. Џьара сцараны сыҟазаргьы, счымазцəа ишахəҭоу имбакəа амҩа сықəлаӡом, сус аҭыԥ иқəҵаны, сгəы рҭынчны сахьцо сцоит. Ақыҭа аҭагылазаашьа ачымазара аганахьала иаҳҳəозар, уажəы еиҳа еиӷьуп. Ҵыԥх уажəааны агрипп зыхьуаз еиҳа ирацəаҩын, мышкы хəҩы-фҩы акапельница анырзыҟасҵоз ыҟан. Уажəы, анцəа иџьшьаны, еиҳа имаҷуп ачымазцəа рхыԥхьаӡара", - лҳəеит Асида Амҷыԥҳа.

Зыпрофессионалтə уалԥшьа раԥхьа изыргыло, ақыҭауаа ԥсыс ирхоу Асида Амҷыԥҳа лус ламысцқьала дазнеиуеит. Илҭахуп лыуаажəлар агəабзиара рымазарц, лмилаҭ еизҳазыӷьаларц. Адунеи зымҽхазкыз аҿкычымазара уаҳа иҟамларц, досу рхы-ргəы иақəгəырӷьо инхарц. Саӡəыкны сқыҭа Џьгьарда иатəу Асида Амҷыԥҳа ҭабуп ҳəа ласҳəоит лџьабаазы, хаҭала сара сҭаацəара рзгьы иҟалҵахьоу ахə ашьара уадаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0