Аӡбарҭатә уснагӡаҩцәа Аԥсны Аҵәахбанк ашшыԥхьыӡ ала аԥшәма автомашьына имырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукУВД ГАИ
УВД ГАИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҵәахырҭатә банк аҿаԥхьа ИАЕ "Аԥснычаи" акредиттә уал х-миллионки 230 нызқьмааҭи инаӡон.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡбарҭатә уснагӡаҩцәа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ашшыԥхьыӡ ала ИАЕ "Аԥснычаи" иатәыз автомашьына ргеит акредит ашәаразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аӡбарҭатә уснагӡаҩцәа рмаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сандро Гадлиа.

2012 шықәса ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа анагӡаратә бӷьыц аунашьҭит Аҵәахырҭатә банк  аҟны игаз акредит ИАЕ "Аԥснычаи" аршәара алыршахарц азы. Аҵәахырҭатә банк аҿаԥхьа ИАЕ "Аԥснычаи" акредиттә уал х-миллионки 231 нызқьи 808 мааҭи инаӡон. Уи адагьы ишәатәын абаџь 37 нызқьи 48 мааҭ ҳәа иҳәеит иара.

"Усҟан аӡбарҭатә нагӡара Абжьаҟазаратә ӡбарҭа иалахәылан. Ауалшәаразы анагӡаратә процедура иалаган", - иҳәоит Гадлиа.

2017 шықәса рзы Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵзура анаԥҵаха ашьҭахь ари аматериал уахь инашьҭын. Аусураамҭаан анагӡаҩцәа ишьақәдыргылеит "Аԥснычаи" амазара ҳәа автомашьына "Toyota Prado".

"Иӡбан автомашьына арбаандаҩра. Даҽа мазарак аиҿкаара иамамызт. Иҟан апроблема –  2018 шықәса цәыббрамзанӡа ари аӡбамҭа назыгӡо норматив-зинтә актк аҟамзаара. 2020 шықәса ԥхынгәымза аахыс  иалшоны иҟалеит ирбаандаҩу амазара аҭира алыршара", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵзура Аҳәынҭавтоинспекциахь аҳәара ҟарҵеит автомашьына ахьыҟоу шьақәдыргыларц.

Амра банк. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2015
Анаплак маҷқәа акредит рзура иалагеит

"Иацы ирбаандаҩу амашьына ахьыҟоу аҭыԥ азы аинформациа ҳауит. Анагӡаҩ Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩ дицны уахь днеит. Атранспорттә хархәага ахҩылааратә акт иаҵаркны аҵәахырҭахь инарышьҭит", - иҳәеит Гадлиа.

Аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны анагӡаҩ ахәшьара зуа ахаҿы дадиԥхьалароуп. Ахәшьара аихшьалала атранспорт аҭиразы амазареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭеилакы ахь инашьҭхоит ҳәа иҳәеит иара.

Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснычаии" иара убри аҩыза ахьӡ змоу зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаареи аԥҵан 2010 шықәса рзы. 2010-2011 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарра Кәтол, Лыхны, Дранда ачаифабрикақәа рышьақәыргыларазы 140 миллион мааҭ азоунашьҭит. Ирыцқьан 1300 гектар ачаи плантациақәа, ихыхын 200 тонна рҟынӡа ачаи.

2013 шықәсазы аԥыза-министра Леонид Лакербаиа адҵала АУН "Аԥснычаи" аԥыхра апроцедура хацыркын.

2011-2012 шықәсқәа рзы АУН "Аԥснычаи" агәаҭара ианахрыжьуаз афинансқәа рӷьычра аарԥшын. Аԥсны Апрокуратура хада 2013 шықәса рзы Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснычаи" адиректор Асҭамыр Оҭырба иганахьала ашьаус хацнаркит.

2015 шықәса рзы аус аркын иара ицәгьоура ахьышьақәыргыламыз инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0