Аметалл еиқәаҵәақәа рҟынтәи ахашәала акыр еизҳаит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрием и переработка металлолома
Прием и переработка металлолома - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсныҩынтәхархәара" рфинанстә шықәс аихшьалақәа рзы Аекономика аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥган.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныҩынтәхархәара" 2019 шықәсазтәи ахашәала иартәеит 436 нызқьмааҭ, 2020 шықәса актәи азыбжазы – 10 миллионк инареиҳаны. Ари 23-нтә еиҳауп ҵыԥхтәи ашықәс арбагақәа раасҭа ҳәа иҳәеит анаплакы адиректор Раули Какалиа аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа лԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

Вице-премьер, Министр экономики Республики Абхазия Кристина Озган представила коллективу РУП «Абхазвторресурсы» нового руководителя. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2020
Аекономика аминистр "Аԥсныҩынтәхархәара" адиректор ҿыц далҭеит

Иара убасгьы иҳәеит 2020 шықәсазы анаплакы аекспорт ишашьҭыз жәаҩеи бжаки тонна аметалл еиқәаҵәа, зыхәԥса 117 миллион 830 нызқьмааҭ итәоз.

Ахашәала 13 миллион 58 нызқьмааҭ ҟалеит. Анаплакы аусзуҩцәа руалафахәы иартәеит 7 миллионки 212 нызқьмааҭ. Бжьаратәла аулафахәы 21 нызқьмааҭ инаӡоит.

Анаплакы анапхгаҩы иазгәеиҭеит аметалл еиқәаҵәа 2020 шықәса ԥхынгәымзаахыс аҭира 2019 шықәса зегьтәи иаваҟәалеит ҳәа.

"Абиуџьет ахь ишәоу абаџь фымз рыла иартәеит 8 миллионки 614 нызқьи 48 мааҭ. Ари ҩынтә еиҳауп 2019 шықәсазтәи алагала аасҭа. 3 миллионки 724 нызқьи 633 мааҭ шәан абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии афондқәа рахь", - ҳәа иҳәеит Какалиа.

© Foto / Министерство Экономики Республики Абхазия "Аԥсныҩынтәхархәара" рфинанстә шықәс аихшьалақәа рзы Аекономика аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥган.
Аметалл еиқәаҵәақәа рҟынтәи ахашәала акыр еизҳаит - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
"Аԥсныҩынтәхархәара" рфинанстә шықәс аихшьалақәа рзы Аекономика аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥган.

Уи адагьы иара иазгәеиҭеит иусура данахагылоз анаплакы абаланс аҿы ишарбамыз атехника ҷыда.

"Иахьазы 13 ак атехника ҷыда аахәоуп, 13 миллиони 907 нызқьмааҭ зыхәԥса ыҟоу", - иҳәеит иара.

Аекономика аминистр иазгәалҭеит анаплакы ишахәҭоу еиԥш еиҿкаазар, атехника ҷыда аахәара шаҭахымхоз, аҳәынҭқаррагьы еиҳа ахашәала шаиуаз.

"Аҳәынҭқарра иалшаӡом аԥарақәа атехника ҷыдазы еснагь рныхра. Уаанӡа ишыҟаз аиԥш зыхәԥса лаҟәу атехника аахәара иаԥсам. Уи аҩыза апрактика иаҟәыҵтәуп", - ҳәа лҳәеит Кристина Озганԥҳа.

Озганԥҳа лгәаанагарала АУН алҵшәа бзиақәа зыдҳәалатәу абизнес-процессқәа раргамареи аҭира ахышәаҵышәа аизырҳареи роуп.

"Ари аус харџьра алам. Иахьатәи шәылҵшәақәа еизҳаргьы рылшоит. Аҳәынҭқарра шәнапы ианнаҵеит аметалл еиқәаҵәа аекспорт амҩаԥгара. Шәара ари аус аҿы шәмонополиступ. Ус анакәха, абизнесгьы ахаҳара ду амазароуп", - ҳәа лҳәеит аминистр.

Раули Какалиа иҳәеит ажьырныҳәамза 1 аахыс 1100 тонна шеизгоу, 2021 шықәса еиҳагьы хаҳара аиуп ҳәа дшақәгәыӷуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0