Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маланиаԥҳа атуристцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы: аӡыргарақәа рацәазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлизавета Малания
Елизавета Малания - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә фирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы иахьатәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы хшыҩзышьҭра зҭатәу азы лгәаанагара лҳәеит.
Маланиаԥҳа атуристцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы: аӡыргарақәа рацәазароуп

Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москва усутә визитла дыҟоуп, уа иҟазаара иалагӡаны еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥигеит.

"Еиҳарак атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит атуроперторцәа рҟынтә, иара убас атурист ихаҭа, имацара аинтернет даҟьақәа рҿы иԥшаауеит изыманшәалоу атур, анаҩс аҭыԥ заа иаҿаҵаны Аԥсныҟа даауеит. Атурист дахьаауа ҭымҵаакәа дааӡом. Убри аҟнытә араҟа ихадароуп асоциалтә даҟьақәа рҿы иуԥыло Аԥсназы аинформациа. Уи аус зыдулатәу ак акәны сахәаԥшуеит. Иахьазы сгәаанагарала имаҷуп аинформациатә ӡыргара асоциалтә даҟьақәа рҿы. Иаҭахуп Аԥсны ацәыргақәҵақәа реиҿкаара, иҿыцу атуроператорцәа радԥхьалара, усҟан иара атуристцәагьы рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Иҟаҵатәуп апрофессионалтә ӡыргарақәа. Ухы иаурхәар ҟалоит аблогерцәагьы. Дара ахәаԥшцәа рацәаҩны ирымоуп. Убарҭ Аԥсныҟа иааԥхьатәуп ҳтәыла ӡырыргартә еиԥш. Асасааирҭақәа, аԥсабара аԥшӡара, иҳамоу зегьы рааԥшразы. Аус ҳаулароуп иахьатәи аамҭа иақәшәо амаругақәа ҳхы иархәаны", – ҳәа еиҭалҳәеит Маланиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0