Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥачлиа: адәқьан аҿы анеиааи маҷхеит, ауаа иаархәо зегь реиҳа ихымԥадатәиу ауп

© Foto / предоставлено Нугзаром ПачулияНугзар Пачулия
Нугзар Пачулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Гал инхо аусдкылаҩ Нугзар Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҿкы чымазара ацәырҵра иусура анырра шанаҭаз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥачлиа аԥкрақәа иусура ишаныԥшыз атәы

"1994 шықәса раахыс Гал абизнес снапы алакуп. Араҟа аусура саналага ажәларгьы маҷын, анаҩс аамҭа цацыԥхьаӡа ауаа рхыԥхьаӡарагьы иацлеит, аусутәгьы ҟалеит. Иаҳа-иаҳа еиӷьны иааиуан. Араион ауааԥсыра еиҳарак рхы зланыҟәырго араса ҭиины алоуп. Шықәсқәак раԥхьа ицәырҵыз апты аԥырхага ӷәӷәа рнаҭеит. Уажәы хәыҷык иаашьақәгылан, ажәлар рхы иахәартә иныҟала ачымазара цәырҵит. Араион аҿы аусура зынӡагьы иаанкылеит ҳәа сызҳәом, аха ҳусура ианыԥшыртә иҟалеит. Абылтәы аҭира атәы сҳәозар, аҭирақәа иаҳа имаҷхеит. Адәқьан аҿы акәзар, анеиааи маҷхеит. Ауаа иаархәо зегь реиҳа ихымԥадатәиу ауп. Арахь ашәахтәқәагьы шәатәуп. Ауаагьы руалафахәы рыҭатәуп, акризис ҳусура ианыԥшит даара, аха ишауа ала ҳааиуеит, акризис иахҟьаны ҳусура иамысхыз ҳәа аӡәгьы дыҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥачлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0