Аҟәатәи ашколқәа рҿы аҵараҵара аус шеиҿкаахо

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 15, 2021 шықәса инаркны Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школқәеи рҵаратә усура еиҭахацдыркуеит. Жәабран 22 инаркны ашкол ахь инеиуеит 5 – 11 аклассқәа.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аҟәатәи ашколқәа ирзалхуп амодель 3/3. Ари иаанаго аклассқәа рыхәҭак ашәахьа-ахаша ашкол ахь иныҟәалоит, егьи ахәҭа - аԥшьаша-асабша ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

"Ашколқәа рзы еиҳа иақәшәо ҵаратә форманы иԥхьаӡоуп 3/3. Аԥхьатәи ахымш рзы иныҟәоит 5-11 аклассқәа, егьырҭ ахымш рзы - 1-4 аклассқәа. Иаанхо аҩымш рзы арҵаҩцәа онлаин аҵаҩцәа рыҽрымардалоит", - ҳәа лҳәоит Ҭаркьылԥҳа.

Иара убасгьы лара иазгәалҭеит 20-ҩык иреиҳаны аҵаҩцәа ахьыҟоу аклассқәа гәыԥла ишеихыршо, сменала аҵараҵара шыҟало. Ахәыҷқәа ахьмаҷу ашколқәа рҿы есҽынтәи аҵараҵара ҟалоит, џьара-џьара аҩбатәи асмена алагаланы.

В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Аԥснытәи ашколқәа шәкы аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп

Аԥсны ашколқәа аркуп жьҭаара 15 раахыс акоронавирус иахырҟьаны. Ажьырныҳәамзазы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа иазгәалҭеит Аҟәатәи ашколхәыҷқәа 40% рҟынӡа онлаин ҵара ишаҵанакуа.

Жәабран 3 рзы атәыла ахада инарҭбааз аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит шәкы рҟынӡа школ аусура ралагара ишазыхиоу.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала жәабран 15 2021 шықәса инаркны Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школқәеи рҵаратә усура еиҭахацдыркуеит. Жәабран 22 инаркны ашкол ахь инеиуеит 5 – 11 аклассқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0