Акоронавирус зыдбалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРеабилитация пожилых после перенесенного коронавируса
Реабилитация пожилых после перенесенного коронавируса    - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 431-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

75 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит жәабран 11 рзы, 74 шықәса зхыҵуаз даҽа пациенткак лыԥсҭазаара далҵит жәабран 12 рзы. ашьыжь.  Рдиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц, ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 81-ы, урҭ рахьтә 67-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 22-а, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 23-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12025-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11628-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 191-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0