60 гектар иназынаԥшуа аԥсабаратә амцакрақәа ырцәоуп Очамчыра араион

© Foto / МЧС АбхазииCотрудники ПСЧ по охране Очамчырского района ликвидировали природные пожары в селах Мыку
Cотрудники ПСЧ по охране Очамчырского района ликвидировали природные пожары в селах Мыку - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион х-қыҭак рҟны амцакрақәа аҭыԥ рыман, абылрақәа аҩнқәеи абаҳчақәеи ашәарҭара иҭанаргылеит.

АҞӘА, жәабран 14-Sputnik. Очамчыра араион аиқәырхара- абылрацәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа аԥсабаратә амцакрақәа дырцәеит Мықә, Лашькьындар, Аҽгуара ақыҭақәа рҟны, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Амца зыцраз абнақәа рзеиԥш ҵакыра 60 гектар иреиҳан.

Аҩнқәеи абаҳчақәеи ашәарҭара рызҭоз амцакрақәа дырцәеит 20-ҩык амцарцәаҩцәа. Амцакрақәа рахь анеира ахьыуадаҩыз иахҟьаны напышьашәала амца дырцәон. Амцашьаҭақәа зегьы аԥыхуп.

© Foto / МЧС Абхазии60 гектар иназынаԥшуа аԥсабаратә амцакрақәа ырцәоуп Очамчыра араион
60 гектар иназынаԥшуа аԥсабаратә амцакрақәа ырцәоуп Очамчыра араион - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
60 гектар иназынаԥшуа аԥсабаратә амцакрақәа ырцәоуп Очамчыра араион

Аԥсны иахьаҵанакуаз 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭази 2021 шықәса ажьырныҳәамзази абнарақәа рҟны абылрақәа рацәан, амцақәа рхы ркуан аамҭак иалагӡаны араионқәа зегьы рҿы.

Аԥсны АҶА аԥшьгамҭала абнақәа рымцакра азԥхьагәаҭарази аҭагылазаашьа ахылаԥшрази Аԥсны аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥырҵараны иҟоуп. Абри азы адырра ҟаҵан ажьырныҳәа 25 рзы. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иазԥхьагәанаҭоит Аекологиаз аилак, Абнанхамҩа аусбарҭа, АУН "Амшынеиқәафымцамч", араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа рахь абри аҩыза ажәалагала аҟаҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0