Аҳәынҭдумаҿы ан лмал зауа реиқәыԥхьаӡа арҭбаара рыгәҭакуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосударственная Дума РФ
Государственная Дума РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Адепутатцәа ргәаанагарала ари аӡбамҭа иалнаршоит ипроблемоу арегионқәа рҟны ахшараиура аизырҳара, ахшара рацәа змоу рыԥсҭазаара аиӷьтәра.

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. ЛДПР аҟынтәи адепутатцәа Адумахь ажәадгала ҟарҵеит ахԥатәии анаҩстәии ахшара зауа ан лмал роура иалагарц ахшара маҷны иахьроуа арегионқәа рҿы аҭаацәара уи уаанӡа рхы иадмырхәацзар. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, апроект авторцәа ируаӡәку Иарослав Нилов иажәақәа шьаҭас иааганы.

"Адемографиатә политика аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны азакәан апроект иаднагалоит Афедералтә закәан "Ахшара змоу аҭаацәарақәа аҳәынҭқарратә дгылара цҵа рыҭаразы" аԥсахрақәа ралагалара: Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахшараиура еиҳа илаҟәуп ҳәа иазырыԥхьаӡо атәыла асубиектқәа рҟны 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 ашьҭахь ахԥатәи ма ицнеиуа ахшара дзоуз аҳәса уаанӡа аҳәынҭқарратә цхыраара цҵа рхы иадмырхәацзар ирзыҟаҵахарц азы", - ҳәа аҳәоит аилыркаагатә шәҟәы.

Уи адагьы ари ауснагӡатә иаҵанакыроуп ахԥатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи ԥас ма ԥҳас иҟазҵаз, уаанӡа аҳәынҭқарратә цхыраара цҵа рхы иадмырхәацзар, ахәыҷы ԥас ма ԥҳас иҟаҵараз аӡбарҭа аӡбамҭа азинмч аиузар 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 ашьҭахь.

Ребенок - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2020
Урыстәыла "ан лмал" иацырҵараны иҟоуп

Авторцәа ирҳәоит Урыстәыла асубиектқәа жәпакы, ахшара рира ахьмаҷу рхатә цхыраагӡатә уснагӡатәқәа шьақәдыргылеит ахԥатәии инаҩстәии ахшара иираан аԥарашәарала ҳәа.

Аха арегионалтә ҭаацәаратә мал лаҟәуп, 100-150 нызқьмааҭ роуп иартәо. Уи ахшараиура уҭаххартә ирзыҟаҵом.

Адепутатцәа ргәаанагарала ари аӡбамҭа иалнаршоит ипроблемоу арегионқәа рҟны ахшараиура аизырҳара, ахшара рацәа змоу рыԥсҭазаара аиӷьтәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0