Абзазаратә црыҵқәа рполигон 2021 шықәса лаҵарамзазы Гәылрыԥшь аргылара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМусороуборочная машина
Мусороуборочная машина - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Абзазаратә црыҵқәа рполигон апроект аус адырулон аԥсуа ҟазауааи Ростовтәи апроекттә институт аҟазауааи.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Абзазаратә црыҵқәа рполигон 2021 шықәса лаҵарамзазы Гәылрыԥшь араион аҿы аргылара иалагоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Уажәы апроект-сметатә документациа аекспертиза иахысуеит Урыстәыла. Агрба иажәақәа рыла, апроект ахаҭа "ибзиоуп" ҳәа аексперттә лкаа аиуит, аха асметатә документациа еиҭакхеит. Уи зыхҟьаз 2021-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограммаҿ иазԥхьагәаҭоу 114 миллион мааҭ ахьракәу ауп.

"Аполигон апроект ала 12 гектар иҟоуп. Сметала аханатә 306 миллион иҟан. Уажәы асметатә документациа еиҭакхеит. Уи зыхҟьаз 2021-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограммаҿ иазԥхьагәаҭо 114 миллион мааҭ ахьракәу ауп. Уи азы иӡбахеит актәи аетап аан ф-гектарк аҟаҵара. Аԥаразоужьрагь зауа актәи аетап ауп. 12 гектар концепциала 19 шықәса ирҭаркуан. Ус анакәха 6 гектарк жәашықәса рҟынӡа амаҵзура алшоит", - ҳәа иҳәоит Агрба.

Аԥхьанатәтә ргылара ф-гектарк ишырҭаркуагьы, аобиект аусураҭара иаԥырхагам. УКС аиҳабы иажәақәа рыла, аполигон иадҵоу ауснагӡатәқәа нанагӡалоит.

 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2020
Гәылрыԥшьтәи аполигон аҳҭнықалақь ацрыҵқәа макьаназ адкылара алшом

"Аполигон административтә корпусқәа, агәамсам аилыхра цәаҳәа уҳәа иаҭаху зегьы аиуеит. Иара апроект азыҟаҵоуп Урыстәыла иҟоу анормақәа ирықәыршәаны. Акызаҵәык - 12 гектар ракәымкәа, 6 гектарк ҟалоит. Егьырҭ зегьы апроект ала иазԥхьагәаҭоуп. Атехникатә документациаҿ иарбоуп аполигон ахархәашьа. Макьаназ иҳаздыруам аполигон збаланс аҿы иҟало, амаҵ азызуа. Уи Аминистрцәа реилазаараҿы иӡбахоит", - ҳәа иҳәоит Ҭемыр Агрба.

Мшаԥымза анҵәамҭазы аԥсуа ган азыԥшуп апроект-сметатә документациа аексперттә лкаақәа ацны аиура. Абри ашьҭахь аусурақәа ирылагоит. Урҭ рхыркәшара 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп.

Абзазаратә црыҵқәа рполигон апроект аус адырулон аԥсуа ҟазауааи Ростовтәи апроекттә институт аҟазауааи.

Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2020
2020 шықәса нҵәаанӡа Гал араион иҟоу агәамсамкаԥсарҭа ҭәуеит

Аҟәа ауааԥсыра Алашарбагатәи агәамсамкаԥсарҭахь 2018 шықәсазы амҩа анадыркы ашьҭахь аиҳабыра аполигон ҿыц аартразы аӡбара рыдыркылеит.

Убас, 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра 36 гектар адгьыл Кациқыҭ аҳаблаҿы абзазаратә црыҵқәа рполигон азы иалырхит.

Гәылрыԥшьтәи аполигон аартхаанӡа агәамсам Гал араионаҿтәи агәамсамкаԥсарҭахь инаргаларц аӡбамҭа рыдкылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0