Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Миқаа амоноспектакль "Ацынҵәарах" азы: баҩхатәрала иқәыргылоуп

© Sputnik / Леон Адлейба Леуан Микаа
Леуан Микаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Амоноспектакль "Ацынҵәарах" ықәыргылоп Аурыс драматә театр аҟны. Ароман автор ашәҟәыҩҩы, Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба имоҭа, ауаажәларратә усзуҩы Леуан Миқаа игәаанагара иҳәеит ақәыргыламҭа азы.

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала амоноспектакль ддырбеит Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уи ықәиргылеит атеатр инагоу актиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа. Амоноспектакль аҟны дыхәмаруеит актиор Осман Абыхәба.

Миқаа амоноспектакль "Ацынҵәарах" азы: баҩхатәрала иқәыргылоуп

"Сгәаҵанӡа инеит ақәгылара. Абаҩхатәра илоуп Абыхәба ҷкәын, абаҩхатәра ду илоуп арежиссиор Џьамбул Жорданиа. Даара исгәаԥхеит, иугәамԥхаргьы залшом, избанзар иаартны, иазхәыцны иҟаҵоуп, иҟоуп уахьарҵәыуагьы. Ари аҩымҭа иаанарԥшуа асценаҟны ақәыргылара даара иуадаҩуп, уи баҩхатәрала ирылшеит ақәыргылара", - иҳәеит Миқаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Аҭоурых-философиатә роман "Ацынҵәарах" аҿы Кавказтәи аибашьраан зҭоурыхтә ԥсадгьыл нырмыжьыр ада ԥсыхәа змамыз, ихҵәаз аубых жәлар рҭоурых аарԥшуп. Ароман еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рахь. Раԥхьаӡа акәны иара акьыԥхь абеит 1974 шықәсазы ажурнал "Алашара" аҟны. Баграт Шьынқәба ари ароман ала иааирԥшит иарбан жәларызаалак рықәӡаара ауаатәыҩса зегьы ирзеиԥшу афилософиатә проблеманы, адунеитә цивилизациазы ицәыӡ дуӡӡаны ишыҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0