Есма Арџьениаԥҳа ажьырӡы ачуан иҭаҭәаны амца иақәлыргылеит. Амцаҿы зегьы ирласны иҟалоит, уааццакыроуп, ажьырӡы аилышра иалагоит 10-15 минуҭ рыҩныҵҟа. Ашыла гәӡа рхианы иҟазароуп, ашәырӡ еилашаанӡа иаҭатәуп, ақалмышь ампыр аламларц, абас аамҭа мгакәа Есма лус нап аларкит.
"Ақалмышь бзиа иабоит лассы-лассы ианаҵушьуа, усҟан ампыргьы ҟалаӡом, ачуан иқәнакӡом. Абжьааԥны ари амилаҭтә чыс ажь еиқәаҵәа иалырхуеит. Исгәалашәоит, Урыстәыла саныҟаз, сҩызцәа аԥсуаа ҳчыс рзыҟасҵалон, зны ақалмышь ҳҿабҵароуп ҳәа сыхҭаркит, аха ажьырӡ сымамызт, ашылагьы абаҟахыз. Иҵәахны исымаз аҵәа иалхыз ашәырӡ аацәырызган, адәқьанаҿ ахрыӷ аасхәеит. Ахрыӷ асара шацәыбыргугьы, ажьырӡ ишалхымызгьы, ақалмышь бзиахеит. Иаауҭаххар, иара излыумхауа иҟоузеи", — дԥышәарччо еиҭалҳәон акҿыҩраҿы ихандеиуаз Есма.
Ҩажәа минуҭ ааҵуаны ачыс мазеин. Есма асаанқәа ирнылҭәалан, акакан нақәлыԥсеит. Ақалмышь хьшәашәарц иаанлыжьит.
Ақалмышь аԥсуаа аныҳәақәа рзы аишәа иқәдыргыло ахаатә чысуп.