Аԥсны ашколқәа зегь рҿы аҵара хацдыркит аиҳабыратә классқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыпускные экзамены в 4 школе г.Сухум
Выпускные экзамены в 4 школе г.Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра адыррала Аԥсны ашколқәа зегь рҿы аҵара хацдыркит аиҳабыратә классқәа.

Жәабран 22 инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рҵараҵара хацдыркит. Мчыбжьык аԥхьа ахәыҷбаҳчақәеи аиҵбыратә классқәеи ҭыҵхьан. Ашколқәа рҿы имҩаԥырго аусурақәа, ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи акоронавирустә инфекциа ишацәыхьчатәу Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Иҭышәынтәалаз амчыбжь

Жәабран 3 рзы Аԥсны ахада имҩаԥигаз инарҭбаау аилацәажәараҿы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит аҵаратә процесс етап-етапла ишхацыркхо, аԥхьа ишаадыртуа ахәыҷбаҳчақәа, рыклассқәа ишырзыхынҳәуа аиҵбацәа, нас – аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалахар, 5 – 11 аклассқәагьы ашколқәа рахь ишнеиуа.

Открытие школ после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Аҵара азыхынҳәра: Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аусура иалагеит

"Аԥсны ахада иусдҵеи аҵара аминистр идҵеи инарықәыршәаны аҵаратә процесс ахыртра етап-етапла еихшан. Ииасыз амчыбжь азы аиҵбыратә классқәа рҵара иалагеит. Жәабран 22 рзы ашколқәа ирзыхынҳәит аиҳабыратә классқәагьы", - аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маҵзура.

Ииасыз амчыбжь азы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара аӡәгьы ачымазараҿкы идбаламызт ҳәа аанацҳауеит аминистрра.

"Жәабран 15 рзы аиҵбацәа аҵара иазыхынҳәит. Ихынҳәыз рхыԥхьаӡара 90% инаӡоит. Ииасыз амчыбжь азы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара аӡәгьы ачымазараҿкы идбаламызт. Убри инадҳәаланы аиҳабыратә классқәагьы аҵаратә процесс иазыгьыжьит", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Иара убасгьы иазгәаҭан аминистрра аҟазауаа атәыла араионқәа зегьы рҿы ашколқәа ршәарҭадара ишашьклаԥшуа.

"Аклассқәа рҿы ҩеижәаҩык иреиҳамзароуп аҵаҩцәа, ашәарҭадаратә нормақәа ирықәныҟәозароуп. Аҵара иалагаанӡа ашколқәа ирызшан асанитартә хархәагақәа. Ашколқәа абри аганахь ала еиқәшәоуп", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Акраамҭа иззыԥшыз ахҭыс

Аҵаратә процесс алагара иазыԥшын атәыла зегьы аҿы. Қьаазым Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи ашкол аҵаҩцәа ашкол ахь иныҟәалоит мчыбжьык ахь хәынтә. Убри аан аурокқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп – аиҳабыратә классқәа рҿы 7-7 урок ҟалалоит, аиҵбыратәқәа рҿы – 5-5.

Первый день карантина из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Бжьаниа антиковидтә уснагӡатәқәа ҭакԥхықәрала ирықәныҟәаларц ааԥхьара ҟаиҵеит

"Аурокқәа рхыԥхьаӡара иацаҳҵеит апрограмма ахьӡаразы. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи зегьы хынҳәит. Ҳақәгәыӷуеит иҟоу аамҭала апрограмма ҳахьӡап ҳәа. Ашкол аҿы 57-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит", - лҳәоит ашкол адиректор Дифа Габниаԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит аурокқәа ирылагаанӡа ахәыҷқәа ршоура шгәарҭо, ииасыз амчыбжь аҩныҵҟа аӡәгьы авирус аҟазшьа шидбаламыз.

Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара ацҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа Акоординациатә штаб 2021 шықәса жәабран 9 азтәи аӡбара шьаҭас иҟаҵаны. 2021 шықәса жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә классқәеи (1-4 аклассқәа) русура алагара.

Жәабран 15 инаркны акультуратә усҳәарҭақәа: атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа русура азин ҟаҵоуп, асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0