Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳаразиа Гәылрыԥшь аҳабла ӡыла аиқәыршәаразы: аус ду ҟаҵоуп, ауадаҩра ҳауеит ҳәа сыҟам

© Foto / предоставил Нарсоу Харазия Нарсоу Харазия
Нарсоу Харазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Гәылрыԥшь аҳабла ахада Нарсоу Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳабла ӡыла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, азҵаара шыӡбахо.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә Ҳаразиа Гәылрыԥшь аҳабла ӡыла аиқәыршәара атәы

Аинвестициатә программма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәылрыԥшь араион Гәылрыԥшь аҳабла ӡыла еиқәдыршәоит.

"Ари ашықәс азы азҵаара ӡбахоит. Иахьатәи амш азы аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аусурақәа хыркәшоуп. Уажәшьҭа иаанхо ажәытә система аҟынтәи аҿыц ахь аиагароуп, уи хәыҷы-хәыҷы иаҿуп, зныкала иузыҟаҵо усым, аамҭа аҭахуп. Аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рсистема даара идууп Кьалашәырынтә иаагоуп Гәылрыԥшь (Агәыдзера) аҳабла аҩнқәа зегьы рҟынӡа. Аус ду ҟаҵоуп, аӡы азы ауадаҩра ҳауеит ҳәа сыҟаӡам", - иҳәеит Ҳаразиа.

Ҳаразиа иажәақәа рыла ӡыла аиқәыршәара иҟаз ауадаҩрақәа мызкала иӡбахоит. Аӡымҩангагақәа ахьышьҭарҵаз амҩақәа акаҭрани ахаҳә рықәҵареи рзы аамҭа аҭаххоит, урҭ аусурақәа ирылагараны иҟоуп мшаԥымзазы, ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0