АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны ареконструкциатә усурақәа инарыдҳәаланы асааҭ 11:00 - 13:00 рзы ақалақь ахәҭак лашарада иаанхоит жәабран 25 рзы.
АМ "Аҟәа-1" аҳҭнықалақь аиҳарак лашарала еиқәзыршәо астанциа маҷ ауп. Ԥхынҷкәын 5 рзы ара иҟалаз амцакра ашьҭахь аҳҭнықалақь зегьы лашарада иҟан. Михаил Логәуа иажәақәа рыла, 30 нызқьҩык рҟынӡа аҳҭнықалақь ауааԥсыра лашарада иҟан. Амцакраан иблит афидерқәа 16, аиачеикақәа ԥшьба.
Асметатә документациала аусурақәа рыхәԥса 190 миллион мааҭ итәоит.
Уаанӡа УКС аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәахьан аусурақәа хыркәшахоит 2021 шықәса мшаԥы 20 рзы ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аслан Бжьаниа астанциа маҷ "Аҟәа 1" аусушьа гәеиҭеит