Аԥсны араионқәа рҿы изакәаным амаинингқәа ирҿагылоит

© Sputnik ВЛ Тамыш
ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.

Араионтә штабқәа русурақәа шымҩаԥысуа атәы Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Анапынҵа шынарыгӡо

Аԥсны араионқәа рҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны иҟаиҵаз анапынҵала аоперативтә штабқәа аԥҵоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәразы. Бжьаниа иааигаз адыррақәа рыла 2019 шықәса иаҿырԥшны 2020 шықәса рзы афымцалашара ахархәара 21 процент рыла еиҳахеит. Убри азы иара адҵа ҟаиҵеит афымцамч ахархәара ари арбагаҟынӡа еиҵатәызарц хә-процентк ацҵаны.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2021
Бжьаниа иҳәеит аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы заҟа аԥара аҭаху

Апроблема ӡбамхар акадртә еиҭакрақәа ҟалоит ҳәа иҳәеит ахада Аслан Бжьаниа. Араион ахада, амилициа аиҳабы, апрокурор, аенергетик лахь рыҭахоит аԥхьа, аҭагылазаашьа еиҭакымхар, русура иамххоит иҳәеит иара.

Ареспублика араионқәа зегьы есыҽны атәыла анапхгара рҿаԥхьа аҳасабырба ҟарҵоит. Абри аус хылаԥшра аиҭоит ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа. Иара Sputnik аинтервиу аҭо еиҭеиҳәеит ахада инапынҵа шынарыгӡо.

"Ҳара иалшо зегь ҟаҳҵоит иҭышәынтәало афымцамчхара аиуразы. Уи ихадоу усуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа, "Амшынеиқәафымцамч", атәыла анапхгара абри азҵаара аус адырулоит",- иҳәеит иара.

Аусура алҵшәақәа убартә иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы  афымцамч аиура ҭышәынтәалоуп.

Араионқәа рҿы аусурақәа

Тҟәарчал араион аҿы 11 криптоферма адыркит. Иаԥҵоу аштаб ахылаԥшра ҟанаҵоит урҭ ҿыц аусура иаладмыргарц ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба.

Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2021
Араионтә штабқәа амаининг аҿагыларазы мчыбжьыктәи русура ахада иҿаԥхьа еихыршьалеит

"Афымцамчхархәара есыҽны еиԥшым. Зны еиҳауп, зны еиҵоуп. Адҵа ҳамоуп хә-меговаттк рыла илаҳарҟәырц, ҳара 5,5 рҟынӡа, зны-зынлагьы 6 мегаваттк рҟынӡа илаҳарҟәуеит. Уи аҳауатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшуп. Аԥхарра аныҟоу арԥхагақәа еиҵаны иаҿаркуеит",- иҳәеит иара.

Алашара арцәара ыҟам авариак ҟамлазар ҳәа азгәеиҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ.

Гагратәи аштабгьы активла аус ауеит. Ахада инапынҵа ашьҭахь 32 криптоферма, ззеиԥш лшара 17,2 мегаватт иҟоу аанкылоуп.

"Аекономиа зыззу азеиԥш хыԥхьаӡара "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла 26 мегаватт иҟоуп. Анырра бзиа ҟарҵеит акриптофермақәа раркра. Ҳәарада, афымцамч еиҵаны ахархәара аҳауатә ҭагылазаашьагьы иадҳәалоуп. Аԥхарразы ауаа еиҳа имаҷны ахархәара рырҭоит арԥхагақәа",- аанацҳауеит Гагра араион ахадара.

Очамчыра араион ахада Станислава Амҷба ишиҳәо ала амаинингқәа рзин ҟаҵамижьҭеи араион аҿы иаҿыхуп 51 маининг ферма.

"Иҟалап иааҳмырԥшыц амаининг мыругақәа ыҟазаргьы, аха ҳусура иацаҳҵалоит. Ацәаҳәақәа реидара ахылаԥшрала афермақәа ахьыҟоу аилкаара аиует",- иҳәеит иара.

Аслан Бжания посетил диспетчерскую  Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2021
Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Ажьырныҳәа 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионтә оперштабқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи алархәны аиԥылара мҩаԥыргеит амаинингқәа рхархәаразы. Аҟәатәи араион аҿы ажьырныҳәа 22 рҟынӡа 32 криптоферма аҿыхын, анаҩс ахада иҿы аилатәара ашьҭахь даҽа 11 ԥшаан ахатәыҩнқәа рҿы. Урҭ зегьы раҿыхра ашьҭахь, араион аҿы ф-мегаваттк афымцамч ахы иақәиҭтәын. Гал араион аҟны иаарԥшын 13 маининг-маругак, урҭ рахьтә акы - аӡәы иҩны иқәгылан, даҽа 12 - атехникатә маҵзура астанциаҟны.

Гәылрыԥшь араион аҿы ажьырныҳәа 22 рзы афымцамч ахархәара 41,3 мегаватт иҟан. Мчыбжьык иалагӡаны 20 криптоферма ахьаҿыхыз иабзоураны афымцамчхара лаҟәхеит 10,6 мегаватт рыла, убри аан анорма 33 мегаватт иҟоуп.

Аҟәа ақалақь аҟны акриптофермақәа рыԥшааразы аус руан 15 бригада. Зынӡа ирԥшааит 904 критомашьына, урҭ рахьтә аус зымуаз асасааирҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи рҟны иԥшаақәаз ыҟан. Гәдоуҭа араион аҟны иаҿыхын 37 криптоферма, 20-1500 аппарат ахьықәгылаз. Зеиԥшла ахы иақәиҭтәын аа-мегаваттк.

Ажәабжьқәа зегьы
0