"Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь Пицунда иаартуп Аҵәахырҭатә банк аҟәша. Араҟа хҩык аус ҳуеит. Еиҳарак аҳадҵаало атәанчаҩцәа роуп, анаҩсгьы иҳадаҳкылоит ашәахтәқәа, имҩаԥаагоит аԥара аиҭарсрақәа, иара убас абанк иаҵанакуа аоперациақәа зегьы наҳагӡоит. Ҽнак ала иҳадаҳкылоит 100-ҩык инареиҵамкәа. Атәанчаҩцәа еихшаны, доусы рышықәс ирыҵаркуаны ртәанчахәы роуеит аҟынтә, араҟа агәаранқәа ҟалаӡом. Аамҭала аҟәша ахьынӡаркызгьы, Пицунда ақалақь ахадара атәанчаҩцәа ирзеиҿыркааит есычны егьырҭ аҵәахырҭатә банкқәа рыҟәшақәа рҟынӡа иназгаша амашьына. Уи ртәанчахәы аиура аус даара иарманшәалеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Пандалион.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҵәахырҭатә банк Пицундатәи аҟәша аремонт ашьҭахь иаадыртит