Амаининг-ферма зҵакыраҿы иҟаз акаҭран зауад адиректор иусура дамырхуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Парламента
Заседание Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҵакырақәеи рхыбрақәеи рҿы акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа рықәыргылара ҟалом.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Анатоли Аршба идылҵеит инапаҵаҟа иҟоу Гәылрыԥшьтәи акаҭран зауад аиҳабы Валериан Абыхәба сааҭк аҩнуҵҟала имаҵура дамихырц. Абри атәы ҳәан аминистрраҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Пресс-конференция президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Бжьаниа хаҭала игәеиҭеит акриптофермақәа раҿыхра шымҩаԥысуа

Жәабран 26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аус зуаз, 200 аппарат ахьықәгылаз амаининг ферма ахьырыԥшааз аҭыԥ аҿы аӡәгьы игәы иҽанӡамкәа днеит хаҭала инапынҵақәа шынарыгӡо ибарц. Ахада уаанӡа иаҿырххьаз амаинингферма, "Аԥсныавтомҩа" иатәыз аҵакыраҿ игылаз, даҭааит, адҵа ҟаиҵеит ахархәагақәа ықәгазарц.

Озган Анатоли Аршбеи аҳәынҭусбарҭақәа рҿы амаининг хархәагақәа рыҟазаара агәаҭара знапы иану аминистрра аусзуҩцәа – аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаби, аҳәынҭнаплакқәа русура аинырраз аусбарҭа аиҳабы Гурам Корсантиеи, алицензиаҭара аҟәша аиҳабы Изета Хьыббԥҳаи лахь рылҭеит.

Анатоли Аршба иазгәеиҭеит анаплакы анапаҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәа рҟынтәи аофициалтә ҭак шиоуз, рҵакырақәа рҿы акриптовалиута аиура шымҩаԥымсуазы. Уи ашәҟәы аминистррахь инашьҭын.

Аршба иҳәеит акаҭран зауад аҿы аԥкыраз адҵа ҟарҵаанӡа акриптовалиута аиура шымҩаԥысуаз, аха аиҳабыра рыдҵа ашьҭахь аусурақәа аанкылоуп ҳәа адырра ширҭаз.

Ԥхынҷкәын 30 рзы Аԥсны аԥыза-министр аусԥҟа ҭижьит "Акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыԥантәии усбарҭақәа, ареспубликатәии амуниципалтәии наплакқәа, аҳәынҭеилахәырақәа робиектқәа рҵакыраҿы рыҟазаареи рыҵәахреи азин аҟамҵаразы".

Ажьырныҳәа 13 рзы аусԥҟацҵа ҭыжьын: "Акриптовалиута аиуразы аусурақәа рымҩаԥгараан афымцамч ахархәара алмыршаразы ауснагӡатә цҵақәа рзы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0