Аҟәатәи арратә госпиталь COVID-19 злаз аҵыхәтәантәи апациент дылырҩааит

© Foto / пресс-служба ЮВО Медики COVID-госпиталя ЮВО в Абхазии выписали последнего пациента
Медики COVID-госпиталя ЮВО в Абхазии выписали последнего пациента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь ашәахьа хәажәкыра 1 азы Аԥсны аусура хнаркәшеит.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь аҟынтәи дылырҩааит аҵыхәтәантәи COVID-19 пациент ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь аиҳабы Абдулмеджит Магомедов иҳәахьан COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит ҳәа.

В Аитаре состоялось торжественное построение, посвященное закрытию госпиталя - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Амиссиа ҷыда: урыстәылатәи амедусзуҩцәа Аҟәа амедалқәа ранаршьеит

"Амедусзуҩцәа ауадаҩрақәа зегьы ириааины профессионалла русура мҩаԥыргеит, зыҭҵаара маҷыз аҿкыра иаиааиит", - ҳәа иҳәеит Абдулмеджит Магомедов.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.

Иара убасгьы агоспиталь алабораториаҿ 18 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара мҩаԥган, урҭ рҟынтәи 5,3 нызқь ПЦР-тест, 2 000 рентгенограмма. Иахьазы амедусзуҩцәа аҽеизгара иаҿуп. Хара имгакәа арратә техника аилазаара иаланы есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0