Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Осиа Аԥсны амедицинатә туризм азы: аԥсабаратә хәышәтәыгақәа рацәоуп, асанаториқәа агуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтар Осия
Отар Осия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Итрадициатәым амедицинеи акурортологиеи рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы Оҭар Осиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит амедицинатә туризм аганахьала Аԥсны лшарас иамоу, ԥсшьара иаауа ирыдыргаларц ирылшо атәы.
Осиа Аԥсны амедициантә туризм азы: аԥсабаратә хәшәтәыгақәа рацәоуп, асанаториақәа агуп

"Амедицинатә туризм адагьы егьыс ԥсшьара иаауа рзы ҳтәыла еиӷьу ыҟаӡам агәабзиарахьчареи аԥсшьареи рзы. Ԥсоу аҳәаа уахысны арахь уанҭало, иаразнак угәабзиара ҽакала иҟалоит, абзиарахь ахы архоит, аҳауа цқьоуп… Аԥсны шәки бжаки инареиҳаны аминералтә ӡыҵхәраақәа ҳамоуп. Ауадҳара, Мархьаул, Сакьан уҳәа иҟоу аӡқәа ирацәоуп ауаҩы ихәо", -иҳәеит Осиа.

Встреча министра туризма Абхазии  Теймураза Хишба и председателя Комитета по развитию туризма Санкт-Петербурга Сергея Корнеева - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Хышба Санкт-Петербург иҟазаараан Аԥсны амедицинатә туризм аҿиара далацәажәеит

Иара иазгәеиҭеит аӡыргара шмаҷу. Ауадҳаратәи аӡы аҭыԥантәи ауааԥсыреи, иара убас ԥсшьара иааны избази рыда ахаҭабзиара атәы здыруа маҷуп ҳәа иҳәеит.

"Шәкы инарзынаԥшуа аӡқәа гәаҳҭахьеит, агәабзиаразы изхәарҭоу анҵаны иҳамоуп, агәы, ақьамса, уҳәа, мамзаргьы иудукылар ззымҟало. Арҭқәа зегьы анҵаны иҳамоуп, аха изаҳҭода? Асанаториқәа, апансионатқәа ҟалароуп", - иҳәеит Осиа.

Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба усутә ныҟәарала жәабранмза алагамҭазы Урыстәыла иҟазаараан Аԥсны амедицинатә туризм аҿиара далацәажәеит Санкт-Петербург атуризм аҿиаразы аилак анапхгаҩы Сергеи Корнееви иареи реиԥылараан.

Аминистр иажәақәа рыла, амедицинатә туризм аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аинтерес шьҭыҵит, иара Урыстәыла аҩнуҵҟагьы ус еиԥш апроектқәа аус руеит. Аԥсынгьы ари ахырхарҭа аҵакы аманы ирԥхьаӡоит ҳәа азгәеиҭеит.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0