АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны асоветизациа шәышықәса ахыҵра иазкыз Аҭҵаарадырратә конференциа "Асовет мчра: аҭоурыхтә ԥышәеи ҳаамҭазтәи азнеиреи" мҩаԥысит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны, хәажәкыра 2 рзы.
Аҭҵаарадырратә конференциа иалахәын Аԥснытәи аинститути Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети рхаҭарнакцәа.
Адныҳәаларатә ажәала еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны асовет мчра ашьақәгылара ареспублика аполитикатә, аекономикатә, акультуратә ҿиара ҳәаақәызҵаз ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа.
"Асовет ҳәынҭқарра аҟазаара аҭҵаареи ахшыҩкреи иахьа атеоретикатә ҵакеиԥш апрактикатә ҵакгьы амоуп. Агәра згоит аамҭақәа реимадара шеиқәырхатәу, ҳҭоурых аамҭақәа зегьы рмаршәа баны ишрызнеитәу, алкаақәа шыҟаҵатәу. Аҭоурых аиҩшара акәымкәа аидкылара иазырхазароуп. Ҳара иаҳзеиԥш уалу аҭоурых аиашара ахьчароуп. Уи ауп ҳаиҩызарагьы, ҳаимабзиарагьы, ҳаҳаҭыреиқәҵарагьы шьаҭас ирзыҟало. Агәра згоит аконференциа амҩаԥгара ганрацәалатәи агуманитартә усеицура аҿиара ишацхраауа", - иҳәеит иара.
2020 шықәсазы Аԥснытәи ауниверситети агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститути Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситети рыбжьара аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет Урыстәыла аҭоурых акафедра аиҳабы Марина Колесникова лажәақәа рыла аконференциа амҩаԥгара алшеит аганқәа еизааигәаны русеицурала.
"Аҭоурыхтә иубилеиқәа аҭоурых уаздырхынҳәуеит, аҭоурыхдырыҩцәа ирнаҭоит алшара аҭҵаарадырра-рккаратә усура амҩаԥгаразы. Аҭоурых афактқәа, архивтә документқәа, алшарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара ауеит. Ари рнапы ианызароуп апрофессионалцәа", - лҳәеит лара.
Колесникова лажәақәа рыла аҭоурыхҭҵааҩцәа Аԥсны асовет мчра ашьақәгылара аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларахь икылнагеит ҳәа иршьоит.
"1917-1920 ашықәсқәа урыстәылатә еиԥш адунеизегьтә ҭоурых аҿгьы аҭыԥ ду ныркылоит. Иахьа аҭоурыхҭҵааҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоуп азҵаарақәа аҭак зҭаху, иҟалап аконференциа урҭ рҭак аҟаҵара алшаргьы, иаҳҳәап: изеиԥшрааз Аԥсны ареволиуциатә процесс, иабанӡеиԥшыз урыстәылатәи апроцесси иареи", - лҳәеит лара.
Аконференциаҿ ирылацәажәан Нхыҵ-Кавказ аҵарадара аԥыхра, Аԥсны асоветизациа амассатә хдырраҿы, аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рыԥсадгьыл разыхынҳәра апроблема, Аԥсны НЕП аамҭазы аекономикатә ҿиара ртемақәа.
1921 шықәса хәажәкыра 4 рзы Аԥсны асовет мчра шьақәыргылан. Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи зхадараҿы иҟаз Аревком амчра анапаҿы иааргеит.
Абольшевикцәа раара Аԥсны ақырҭуа оккупациа аҟынтәи ахы иақәиҭнатәит. Хәажәкыра 31, 1921 шықәсазы иаԥҵахеит Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә республика.