Италиа алаҵа иацәымшәо акоронавирус аштамм рбеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова
Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
"Нигериатәи" ҳәа хьӡыс изырҭаз акоронавирус аштамм рбеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Италиатәи амикробиологцәа ақалақь Брешиа аҿы ирбеит "нигериатәи" акоронавирус SARS-CoV-2 аштамм. Аҵарауаа агәҭынчымра рызцәырнагоит иахьатәи алаҵақәа амыхәозар ҳәа иҟоу агәаанагаразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Раԥхьаӡа акәны Италиа ари авирус-еиҭак аабеит. Иара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит иахьатәи алаҵақәа амыхәозар ҳәа иҟоу агәаанагаразы" ҳәа амаҵзура AdnKronos иазеиҭеиҳәеит авирусологцәа италиатәи реилазаара ахада, апрофессор Арнальдо Карузо.

"Ари авирус макьаназ иахьыҟоу ҳәа ишьо Африкоуп, хаҭала Нигериа. Аха акык-ҩбак ахҭысқәа ана-ара иуԥыло иалагеит" ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.

Апрофессор иажәақәа рыла аштамм Бреши машәырла ирбеит, агәаҭаратә процедурақәа раан апациент имырхыз абиоматериал аҿы. Иара д-Африкатәын. Иахьазы аҭыԥантәи амикробиологцәа, Карузо инапхгарала иҭырҵаауеит ари аштамм Ломбардиа иахьаҵанакуа изаҵәыку, еиҭахгьы аҭыԥ амоу.

Лаборатория Инвитро начала тестирование на коронавирусную инфекцию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
"Британиатәи" COVID аштамм аазырԥшуа адунеи аҿы раԥхьатәи атест-система ҭарҩит Урыстәыла

"Аҭҵаарадырра аганахь ала авирус алкны иҭҵаазар, иалоу ашәарҭа ашьақәыргылара алшоит. Еилкаахоит алаҵа ашьҭахь ацәеижьҿагылақәа ирԥырхагоу ирԥырхагаму" ҳәа иҳәеит Карузо.

"Нигериатәи" ҳәа хьӡыс изырҭаз акоронавирус аштамм рбеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Авирус авариант ҿыц аарԥшын аштат Осун аҿы, Нигериа алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы. Усҟан иазгәаҭан иара "британиатәии" "аладафрикатәии" аштаммқәа иреиԥшуп ҳәа.

Италиа иахьазы ирбахьеит х-штаммк: "британиатәи", "бразильиатәи", "аладаафрикатәи". "Британиатәи" аштамм Великобританиа иаарԥшын иагьышьақәыргылан акоронавирус еиҭак — VUI-202012/01 ауп ҳәа. Иара еиҳа иццакны иалаҵәоит, апациент иԥсыҭбарагьы еиҳа иарццакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0