Нальчики Шәачеи аҳаиртә еимадара рыбжьарҵоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Анапаҵаҩра
Авиацәаҳәа ҿыц Шәача-Нальчик хацыркхоит рашәара 2, 2021 шықәса инаркны. Аԥыррақәа мҩаԥнагалоит авиаеилахәыра "Руслаин"

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Нальчики Шәачеи аҳаиртә еимадара рыбжьарҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаирбаӷәаза "Нальчик" апассаџьырцәеи аидарақәеи рымҩангара аиҿкаараз амаҵзура аиҳабы Ислам Шомахов.

Иара иажәақәа рыла Аԥсни Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликеи руааԥсыра рҟынтәи аҳәара ҟаҵан реиҭанеиааираз аныҟәара бжьаҵазарц.

"Аҳаирбаӷәаза Бабышьра аус амуанаҵы еиҳа ианаалоны иҟоу шәачатәи абаӷәазоуп. Уи азы ареисқәа бжьаҳҵоит", - иҳәеит Шомахов.

Авиацәаҳәа ҿыц Шәача-Нальчик хацыркхоит рашәара 2, 2021 шықәса инаркны. Аԥыррақәа мҩаԥнагалоит авиаеилахәыра "Руслаин". Абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит абаӷәаза асаит аҿы.

Аҳаиртә еимадара аус ауа ианалагалак ашьҭахь ус ашықәс зегьы имҩаԥгахалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0