Ахра Аҩӡба Аҟәа даанкылоуп ҳәа иҟоу адырра шьақәирӷәӷәеит уи изааигәоу ауаҩы

© SputnikАхра Авидзба
Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз арратә корреспондент Семион Пегов и-Telegram-канал аҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Ахра Аҩӡба азинхьчаҩцәа дааныркылеит, Ашәарҭадаратә маҵзурахьы иҿахәҿыхразы днаргеит, иҩны аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ахра Аҩӡба изааигәоу ауаҩы.

Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз арратә корреспондент Семион Пегов и-Telegram-канал аҟны.

"Сара излаздыруа ала, Аҟәа донбасстәи акомандаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба иҩны асабрадақәа рхаҵаны инеит, Аԥсны АШәМ ахь дганы иҿцәар рҭахуп ҳәа мзызс иҟаҵаны", - ҳәа иҩуеит Пегов.

Пегов иажәақәа рыла, Ахра Аҩӡба иԥшәма Иулиеи иареи шеицәажәоз, лҭел мчыла илымырхит. Ажурналист ишиҩуа ала, амчратә усзуҩцәа аордер ма адокумент ҳәа акгьы дыдмырбеит.

Ари ахҭыс аҭыԥ амазу иамазму азы Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дмыршаҳаҭӡацт. 

2014 шықәса рзы Ахра Донецктәи жәлар Рреспубликаҟа дцеит хатәгәаԥхарала. Ихаҭа еиҿикааз аинтернационалтә отриад, анаҩс абригада "Пятнашка" анапхгаҩыс дҟалеит. Хьыӡшьарас имоуп – "Абхаз". 2015 шықәса рзы ареспублика аҳамҭа хада "Донецктәи Жәлар рреспублика афырхаҵа" ианашьоуп.

2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылагеит. Урҭ ирылахәыз агәынамӡара аадырԥшуан атәылаҿы ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьазы, Аҟәа аԥшаҳәаҿы 2019 шықәса абҵарамзазы иҟалаз хҩык ауаа рышьра аус аҭҵаашьа ацашьазы. Аҿагыларақәа ирылахәыз Ахада иусбарҭа ашәқәа, аԥенџьырқәа ԥҽны иҩналеит. Арҭ ахҭысқәа реиҿкааҩцәа дыруаӡәкын Ахра Аҩӡба. Арҭ аҿагыларатә акциақәа ирылҵшәаны Аԥсны Апарламент усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц идыргалеит. Иара ԥхьатәара дцеит ажьырныҳәа 12, 2020 шықәсазы.

Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада дицхырааҩхеит, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 9 рзы. 2020 шықәса абҵарамзазы Аҩӡба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал иҩит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0