Ахра Аҩӡба имлашьра ааникылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Авидзба
Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Дара рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы. Аҩӡба данааныркыла инаркны амлашьра далагеит.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иаанкылоу Ахра Аҩӡба имлашьра даҟәыҵит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҿы.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит Ахра Аҩӡба иахь аҳақьымцәа шынарышьҭыз

Аҩӡба идукат Инга Габилаиа лажәақәа рыла иацы иара иахь амедиеҳәшьа днаԥхьан.

"Аԥсны АШәМ амедусзуҩцәа рхала иацы Аҩӡба иахь инеиит. Ус анакәха ашәарҭара ыҟан иԥсҭазааразы. Сара амедиеҳәшьа лнаԥхьаразы аҳәара ҟасымҵеит, сзыҳәаз акәармалашьҭыга (капельница-аред.) изыҟаҵароуп. Имоу ачымазара амлашьра еиҳагьы иарцыхцыхыр алшоит. Аҭел исзасны ирҳәеит иахәҭоу ахәшәқәа наргарц. Иахьа анализқәа ргеит",- лҳәеит адукат.

Габилаиа илҳәеит хәажәкыра 9 рзы ишылгәиҭо Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа дахашшаарц, Апрокуратура хадахьы Ахра Аҩӡба иҩны аимдара анымҩаԥыргоз азинмчратә усбарҭа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ахәшьара аҭаразы ашәҟәқәа шеидылкыло.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.

Хәажәкыра 8 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аоперативтә информациала Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз хәҩык иҩызцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын ҳәа адырра ҟарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0