Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит Ахра Аҩӡба иахь аҳақьымцәа шынарышьҭыз

© Sputnik Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша, хәажәкыра 7 рзы Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи хәҩык иҩызцәеи рус рыӡбон Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АШәМ аиҳабыра амедицинатә гәаҭара дахысырц аҳақьымцәа изынарышьҭит Ахра Аҩӡба, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.

Суд по делу Ахры Авидзба в здании СГБ Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Ахра Аҩӡба мызкы ҭакрала ихигарц азы азыӡба аднакылеит ақалақьтә ӡбарҭа

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, уи аахыижьҭеи акрыфареи акрыжәреи мап рцәикит. Хәажәкыра 8 аҽны, асааҭ 13:30 рзы Ахра Аҩӡба иԥҳәыс Иулиа Аҩӡба аҳәамҭа ҟалҵеит аҳақьымцәа иара иахь инарышьҭуам ҳәа. Иара убас илҳәеит, аӡбаҩцәа ирыҭан 2015 шықәсазы Аҩӡба ахәра ӷәӷәа шиоуз атәы шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, уи инақәыршәаны иара иԥсы ахьынӡаҭоу акәармалашьҭыга (капельница-аред.) изыҟаҵалатәуп. Ихәышәтәразы ахәшәқәа аахәоуп, аҳақьымцәа арыҭара ҳазыхиоуп ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсны АШәМ аиҳабыраҟны ари аҳәамҭа ҵаҵӷәыдоуп рҳәеит.

"Иацы Ахра Аҩӡба идукат азин лыҭан аҳақьымцәа аалгарц, аха аӡәгьы дмааит. Ааԥхьара раҳҭеит ҳара ҳҳақьымцәа, дара агәаҭарақәа ирҿуп", - иҳәеит Роберт Киут асааҭ 14:00 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь Ахра Аҩӡба иуацәа руаӡәк ишьақәирӷәӷәеит аҳақьымцәа дышгәарҭаз азы.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.

Ахра Аҩӡба дзыхьчоз Галеха Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа рганахьала аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа- мызкы ҭакрала ирхыргарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0