Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҲМ ахаҭарнак Краснодартәи аҳазалхырҭа аиҳабы дылԥылеит

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Вопросы таможенного сотрудничества обсудили в г. Сочи в преддверии курортного сезона
Вопросы таможенного сотрудничества обсудили в г. Сочи в преддверии курортного сезона  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Краснодартәи аҳазалхырҭа ганрацәалатәи автомобилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер Урыстәыла Аладатәи ахәҭаҿы реиҳа идуу аушьҭырҭатә ҭыԥ ауп.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Шәача имҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҲМ ахаҭарнак Константин Козлов Краснодартәи аҳазалхырҭа аиҳабы Наталиа Полосухина дылԥылеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аилацәажәара иалахәын Краснодартәи аҳазалхырҭа аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер ахаҭарнакцәа.

Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2020
Нанҳәа 1 аахыс миллионҩык инарзынаԥшуа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысхьеит

Аиԥылара азырхан ЕАЕС аҳазалхырҭатә ҳәаа иахысуа атранспорттә хархәагақәеи иахырго атауарқәеи хылаԥшра рыҭара азҵаарақәеи иааиуа акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәеи.

Аԥсны аекспорттә лшара аизҳареи уи ауҭраҭыхтәи ашәыр-ргәыцтәи аалыҵи назлоу аноменклатуратә ҭбаареи рыҟазаараан иаԥҵатәуп адәныҟахәаахәҭра аҿиараз аҭагылазаашьақәа ҳәа рҳәеит аиԥылара алахәылацәа.

Аиԥылараҿ азхьаԥшра ҷыда рыҭан аушьҭырҭатә пункт аусуразы атехнологиатә зҵаарақәа, атехникатә хархәагақәа, ахаҿқәеи, атранспорти, атауарқәеи рганахьала аҳазалхратә операциақәа роптимизациа.

Контрабанда сахара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ашьақар аконтрабанда аиагара еиԥырҟьоуп

Урыстәылатәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, акурорттә сезон (лаҵара-цәыббра) аан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" анырра ӷәӷәа амоуп. Ииасыз ашықәс азы нанҳәа-цәыббра амзақәа раан аԥсуа-аурыс ҳәаа аҩхырхарҭак рахь иахысит 2 миллионк рҟынӡа хаҿи 500 000 транспорт хархәагеи.

Иара убасгьы ирылацәажәан азинхьчаратә усура азҵаарақәа. Аиԥылара алахәылацәа ԥхьаҟатәи реинырра ахырхарҭақәеи рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара амҩақәеи ирылацәажәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0