Мызк аҩнуҵҟа быжь-нызқь маининг-аппарат Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМайнинг
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Амаининг-аппаратқәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рекспорт раԥхьатәи апартиа жәабранмзазы иазгәарҭеит Аҳазалхырҭатә еилакы аусзуҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәабранмза иалагазар Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргахьеит 7338 аппарат акриптовалиута арҳаразы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ареспублика Аҳазалхратә еилак аҿы.

Уаанӡа амаининг аекспорт азгәаҭамызт ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аԥсны рашәара 1 аҟынӡа иаанкылоуп акриптовалиута арҳаразы аусура. Иара убасгьы аамҭала азин ыҟам уи азы ахархәагақәа атәылахь ралагалара.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Аԥсны ААР мчыбжьык аҩнуҵҟала 230 маининг-аппарат аҿырхит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра есыҽны имҩаԥнагоит амониторинг акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа раарԥшрази уаанӡа афымцаҳақәа ирҿыхыз аобиектқәа рхылаԥшрази.

Апарламент адепутатцәа хәажәкыра 1 азы амаининг аусхк ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратә актқәа ариашарақәа аларгалеит.

Урҭ инарықәыршәаны акриптовалиута арҳаразы афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы административтә хараԥса атәылауаа, ахатәнаплакыҩцәа, аиуристтщ хаҿқәа рзы иреиҵаӡоу ауалафахәы 40-нтә еиҳаны идыршәахоит киловаттк азы, амаҵзурауаа рзы – 3000-нтә еиҳаны.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2021
Аԥсуа ҳазалхыҩцәа амаининг хархәагақәа аҳәаа рахыгара аԥдырҟәҟәааит

Атәылауаҩ ма аиуристтә хаҿы ҩынтә азакәан еилеигазар ахараԥса иреиҵаӡоу ауалафахәы 50-нтә еиҳаны ихалоит, убри аан ахархәагақәа рымххоит, амаҵзурауаа рзы 5000-нтә еиҳаны иҟалоит.

Ариашарақәа иазԥхьагәарҭоит административтә аиԥш ашьаустә ҭакԥхықәрагьы. Акриптовалиута арҳаразы 300 киловатт еиҳаны афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы атәылауааи ахатәнаплакыҩцәеи 1-3 шықәса аҭакра рықәҵахоит рмазара рымхны.

Абри аҩыза аилагаразы амаҵзурауаа 1-4 шықәса аҭакра рықәшәоит ҩышықәса рҟынӡа амаҵзуратә ҭыԥқәа раанкылара азин имхны.

Ажәабжьқәа зегьы
0