Урыстәылатәии аԥснытәии аруаа Аиааира Амш рҽазыҟарҵоит

© Foto / пресс-служба ЮВОВоеннослужащие ЮВО в Абхазии провели совместную тренировку с военнослужащими войск Минобороны республики
Военнослужащие ЮВО в Абхазии провели совместную тренировку с военнослужащими войск Минобороны республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан игаз Аиааира Амш азы апарад иалахәхараны иҟоу Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аруаа акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Урыстәылатәи арратә база аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи Аиааира Амш рҽеицазыҟарҵоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Аибашьра Ду Аиааира Амш 76 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит

Урыстәылатәи арратә база аруаа шәҩык инарзынаԥшуа Аҟәа амшын аԥшаҳәахь инеит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы. Ара Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи дареи шьаҿеиқәшәала аицныҟәара мҩаԥыргеит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын абаза арратә оркестр. Аныҳәамш азы иара инанагӡараны иҟоуп арратә аамҭақәа рмаршқәеи арра-патриоттә ашәақәеи.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аруаа, Аиааира Амш азы апарад иалахәхараны иҟоу зегьы акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵоуп.

Есышықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира Амш лаҵара 9 рзы Аҟәа имҩаԥыргоит аныҳәатә мҩасра. Ҵыԥх акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа аԥыхын.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. 17,5 нызқьҩык аибашьра адәаҟынтә изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0