Аԥсны ашәарыцара асезон хыркәшахеит

CC0 / / Охота
Охота  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарыцаратә сезон официалла иаартын 2020 шықәса нанҳәа 15 рзы, ихыркәшахеит 2021 шықәса хәажәкыра 15 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аԥсны ашәҟәы иҭагало ашәарыцацәа рхыԥхьаӡара 3-4 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи Реилазаара анапхгара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2020
Ашәарыцара иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?

"Ауаҩы Аԥсны аҵакыраҿы дшәарыцар иҭахызар адокументқәа роуразы проблема ыҟам. Аха ирыцҳароу зегьы усеиԥш рхы мҩаԥыргар рҭахӡам. Ирацәаҩуп абџьар амазаараз азин, ашәарыцаразы азин ҟазҵо адокументқәа еиқәызмыршәо", - иҳәеит иара.

Кәыҵниа иажәақәа рыла ашәарыцараҿы иара аамҭа уқәныҟәалароуп, ааԥыни аԥхыни ашәарыцара ҟалом.

"Уи аамҭазы ашәарах, аԥсаатә ҿиоит. Аекологиатә маҵзура ари хылаԥшра анаҭоит аха ишахәҭаҵәҟьоу ахылаԥшразы рымчқәа еизхом", - иҳәоит Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.

Иара убасгьы дазааҭгылеит зыжәла маҷу ашәарах рзышәарыцара азин шыҟам, аха уи ашьақәыргылара акыр ишыуадаҩу.

"Иакәым ҟазҵо ауаҩы иара аҭыԥ аҿы дақәукыроуп. Асеиԥш зхы мҩаԥызго ауаа аҭакԥхықәра иацәцарц ирылшо ҟарҵоит. Иахәҭаны иҟоу ашәарыцаратә маҵзура аҟазаара, аусзуҩцәа иахәҭоу азинқәеи амыругақәеи рыманы абри аус аԥдырҟәҟәааларц", - иҳәеит иара.

Ҳаџьараҭ Кәыҵниа иҳәеит аамҭа-аамҭала аинтернет аҿы ишцәырҵло афотосахьақәа, зыҟны ауаа ззин ыҟам абџьар, иаҳҳәап автомат, ала ишәарыцо.

"Аҳәынҭқарра иахьазы апроблема рацәа иамоу ухы иархәаны ишабалак ҳәа аԥхасҭа аҟаҵара ҟалом. Ахдырра умазароуп. Ҳара лассы-лассы ашәарыцацәа рахь ателехәаԥшра, арадио рыла ааԥхьара ҟаҳҵоит, аха уи лҵшәа дук аанарԥшуам", - иҳәоит Кәыҵниа.

Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

Иара иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ицәырҵыз апестицидқәа рхархәара аԥсаатә ахыԥхьаӡара дырмаҷит.

"Иарбанызаалак ахимиатә маҭәашьар аԥхасҭа ҟанаҵоит зыԥсы ҭоу рзы. Азеиԥш екологиаз ҳәарада хра амам", - иҳәоит иара.

Кәыҵниа иара убасгьы дазааҭгылеит ареспубликаҿы абгақәа рырацәахара апроблема.

"Ақыҭақәа ныжьны ақалақь ахь ииасыз рацәаҩуп. Абнатә ԥстәқәа мшәо ақыҭақәа ирылалеит. Анхацәа аԥхасҭа ду рырҭоит, аҩнтәы ԥстәқәа, аԥсаатә ндырҵәоит", - иҳәоит иара.

Ақыҭауаа аилазаарахь аҳәара руеит ацхырааразы.

"Ацхыраара аауеит аха иазхоны иҟам. Апроблемақәа рацәоуп. Аиҳарак апроблема дууп Мрагыларатәи ареспублика ахәҭаҿы. Уа ақыҭақәа рҿы ауаа еиҳа имаҷуп, иҟоуп икажьу ақьаԥҭақәа, иблу ақыҭақәа", - иҳәоит Кәыҵниа.

Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа. Иара убасгьы ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә зонақәа рҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша.

Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп хышәҟәык: ҳаилазаараҟынтәи ашәарыцаратә билеҭ, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы алицензиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0