Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рқыҭақәак рҿы аӡхыҵра ҟалар ауеит

© Foto / Пресс-служба Президента Абхазии Президент Абхазии Аслан Бжания осмотрел сегодня русло реки Кодор в сёлах Уарча (Гулрыпшский район) и Адзюбжа (Очамчырский район).
Президент Абхазии Аслан Бжания осмотрел сегодня русло реки Кодор в сёлах Уарча (Гулрыпшский район) и Адзюбжа (Очамчырский район). - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭеи Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭеи рҿы аӡиас Кәыдры аҟәара даҭааны игәеиҭеит.

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа изықәнагоу аусбарҭақәа адҵа риҭоит Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рқыҭақәа Кәыдры иахьрыԥну аҭагылазаашьа ҭҵааны аҩнқәеи амхқәеи аӡхыҵра рԥырхагамхарц азы иҟарҵаша ашьаҿақәа аус рыдыруларц азы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 

Аслан Бжьаниа арҭ аҭыԥқәа рахь хаҭала днеит. Аҟазауаа ишырҳәаз ала, ааԥыни аԥхыни иҟалало аӡхыҵрақәа рымшала ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рҿы аҩнқәеи амхурсҭақәеи аӡы рыҵалар ҟалоит. Ианаамҭоу аӡышьҭра рыцқьаны аҟәара дырӷәӷәар, ԥырхага ҟамлар алшоит.

Атәыла ахада дахьцаз ицын ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0