Аԥсны даҽа 36-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на коронавирус в Забайкалье
Тестирование на коронавирус в Забайкалье - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13255-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12683-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 209-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 22– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 209-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 36-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 17-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы -10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы -ҩыџьа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0