Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха

CC0 / / Письмо пером
Письмо пером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭа аҳаблантә Сталини Бериеи рполитика хәашь иахырҟьаны ирӡын 130-ҩык ауаа. Урҭ рыгәҭа дыҟан анхаҩ нага Амтон Ԥара-иԥа Хагәышь, уи иҭоурых Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа Аԥсназы аибашьра иаҩсуан. Ҳмилаҭ иреиӷьыз ахаҭарнакцәа ргәаҟны ишьын, џьоукы ҿааҳәыра рмоукәа атәыла иахган. Ҭоурыхтә хыҵхырҭақәак изларҳәо ала, Бзыԥҭа аҳаблантә Сталини Бериеи рполитика хәашь иахырҟьаны ирӡын 130-ҩык ауаа. Урҭ рыгәҭа дыҟан анхаҩ нага Амтон Ԥара-иԥа Хагәышь. Арҭ ахҭысқәа раахыс 80 шықәса инеиҳаны ишҵуагьы, Амтон имаҭа Аслан Хагәышь иҭаацәаратә ҭоурых дахӡыӡаауа ауп иабду иӡбахә шеиҭеиҳәаз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Амтон Ԥара-иԥа Хагәышь Бзыԥҭа унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз анхаҩ нага ҳәа дыԥхьаӡан. Иара дызгәалашәоз ирҳәалон уи икәасқьа ӷьазӷьазуа, ирахә, иԥсаса, ишәырҵлақәа, иџарџаруаз иџьықәреи, иҭаҭын уаҩ деилаҳартә ишыҟаз. Иҵашьыцуаз ирхырҟьаноуп НКВД аусзуҩцәагьы ишьҭашәарыцо ишалагаз.

Амтон Хагәышьи иԥшәмаԥҳәыс Наталиа Барцыцԥҳаи ԥшьык ахшара рааӡеит, хҩык аԥҳацәеи аԥеи. Аха аб ихәыҷқәа рыбзиара ибаанӡа аҭаацәа дрыҵхны дыргоит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Амтон Хагәышь иуацәа рыгәҭа
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Амтон Хагәышь иуацәа рыгәҭа

"Сабду абжьаратә қәра дҭагылан дандырӡуаз аамҭазы. Санду лҟынтә ишыздыруа ала, ҵхыбжьон ргәырҽанӡамкәа НКВД аҟынтә хҩык акаԥданцәа ааины, "абаандаҩы, уабаҟоу" ҳәа рыбжьы ҭыганы ауада иҩналеит. Руаӡәы имагә аԥынҵала Амтон имгәа дҭасит, дызхирҟьо ыҟамкәа. Убасҟан, Амтон иан Таниа (Кыт) Абыџԥҳа лыҷкәын ааха изҭаз акаԥдан диқәымчны дигәҭасзаап, егьи инапы иакыз аихатәы лабала аԥҳәыс бырг длысит. Амтон уи аамҭазы ишьапы дықәгылан иан лшьа иуит, ишимчыз акаԥдан иқьышә ҭахәахәаны ииҭеит. Арҭқәа анрыхҭеибах, НКВД аусзуҩцәа еиҳагьы игәаӷ ркит, деимлагәа ихәыҷқәа шихьҵәыуоз, дрыманы ицеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит амаҭа Аслан Хагәышь.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2020
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

Амтон Ԥара-иԥа Абааҭатәи абахҭаҿы дганы дҭаркит ҳәа ауп аҭаацәа адырра шрымаз. Иани, иаҳәшьцәеи, иԥшәмаԥҳәыси ифатә рыманы абахҭа амҩа ианын, аха "уи ара дыҟаӡам" ҳәа шьҭахьҟа иршьҭуан. Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҿы акьырҭрақәа ыҟан, уаҟа жәаҩыла ауаа ргәаҟны, ршьапы инанамго иԥҟаны иҭарблон. Уи атәы здыруаз Амтон иҭаацәа, "акьырҭра дҭарблызар ҟалап" ҳәа ргәыӷра ҿыцәааит.

"Сабду Карелиа-финтәи ССР бахҭак аҟны дҭаркит. Иара аҭагылазаашьа аниоуаз, аҩныҟа асалам шәҟәқәа ааишьҭуазаарын, аха иҭаацәара ироуӡомызт. Аҵыхәтәаны, "сгәы бзиоуп, шәаргьы уи шәзеиӷьасшьоит. Жәабала ашәҟәқәа рыҩра саҿуп, шәара знызаҵәык аҭак сышәҭар иҟалои?! Зыда ԥсҭазаара сымам Наташа, сан Таниа, схәыҷқәа, сашьцәа Хагәшьаа, сқыҭауаа шәыгәхьаазгоит. Сшәыҳәоит ҩ-кьылак рыдамхаргьы ҳадгьыл афҩы зху аҭаҭын сзаашәышьҭырц, Џьансыхә Бганба акалашәа ирссаны иххуеит…" ҳәа зныз ашәҟәы ааит. Уи заҳаз Бзыԥаа еизеит. Амтон раԥхьа дгылазшәа ирԥхьаӡеит. Забацәа, зашьцәа, зыҷкәынцәа дырӡыз ргәаҵаҿы гәыӷрак ҿыхеит, "ҳара ҳтәқәагьы рыԥсы ҭазар ҟалап" ҳәа.

Аха, рыцҳарас иҟалаз, Амтон иҭаацәа рнапаҿы инеиз дара рзы ираԥхьатәииз асалам шәҟәы иҵыхәтәантәихеит. Уинахыс ишьҭа ыӡит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Амтон Хагәышь исалам шәҟәы
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Амтон Хагәышь исалам шәҟәы

Амтон иԥҳацәа руаӡәы, Бабца зыхьӡыз, арҵаҩы изанааҭ лоуны ашкол аҿы аусура даналага, лҩызцәа, лықәлацәа аныҟала, лассы-лассы 37-тәи ашықәсқәа ҳмилаҭ иазааргаз арыцҳара атәы иалацәажәон. Убасҟан забацәа дырӡыз илабжьыргеит ашәҟәы лҩырц лаб иӡбахә аилкааразы, даргьы ус ҟарҵахьан азы. Бабца лҩызцәа рҳәатәы дацныҟәаны, Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ашәҟәы лшьҭит Амтон Ԥара-иԥа Хагәышь иразҟхаз еилылкаарц, аха лассы аҭак лзааит ихабар шырзымдыруа ала.

"Сабду иӡбахә Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аилкаара ишашьҭамлаз еилкаахеит, абас ирлас Бабца аҭак анлырҭа. Уи нахыс ргәыӷрагьы ҿыцәааит. Амтон иан Таниа (Кыт) Абыџԥҳа лыҷкәын дышхнымҳәуаз агәра анылга нахыс, лхы шьҭыхны амра даҵамԥшит. Ус лыблақәа алашьцара шырхыз лыдунеи лыԥсахит", - иҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит амаҭа Аслан Хагәышь.

Бзыԥаа агәыӷра рызҭаз Амтон исалам шәҟәы иахьагьы еиқәырханы ирымоуп ихылҵшьҭра. Уаҟа иану ажәақәа уажәшьҭа реилыргара уадаҩзаргьы, абиԥара ҿа еиҵагылацԥхьаӡа ргәы арԥхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0