Аӷа ихқәа рҽацәыхьчареиԥш иуадаҩын амлеи ахьҭеи рычҳара: Ладикәа Жьиба иҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЛадикәа Жьиба
Ладикәа Жьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анеилгагьы, ирацәаҩӡан зырратә уалԥшьақәа шықәсырацәала ирыцызҵаз аибашьцәа. Урҭ рыԥсы шҭаз атәы ашәҟәқәа рҭаацәа рахь ишаарышьҭуазгьы, измоуз ҟалеит. Убас излахьынҵахаз Мгәыӡырхәа ақыҭатәи Ладикәа Жьибагьы иҭоурых ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ладикәа Константин-иԥа Жьиба дышқәыԥшӡаз аҭаацәара далалеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалаз ҩыџьа аԥацәа драбын. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иаалырҟьаны ахәыҷқәа ран дрыԥхеит. Арахь Ладикәа арра иԥхьеит. Иуа-иҭынха ааиацәажәан, "уара аибашьра уршьҭоит, уҭахаргьы арҭ еиҭымцәахоит, аӡә дааугароуп" ҳәа ихы иҭаргалеит. Ус иагьыҟаиҵеит, аибашьра ашәхымс дшылагылаз, иҷкәынцәа рразҟы лнапы ианиҵоит Блабырхәатәи аԥҳәызба Арда Ласариаԥҳа.

Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых>>

Аҭаацәара салалеит ҳәа Жьиаа ргәараҭахь зшьаҿа еихызгаз аҭаца лыԥшәма бџьарла аӷа диҿамгылар амуит, лара иҵәҩаншьап змырӡшаз иԥацәа рааӡара лҽазылкит, уи адагьы анхамҩа аныҟәгарагьы лҟәаҟәа иқәхеит.

"Ҳан ҽназаҵәыкгьы арҭ сара сакәӡам изхылҵыз ҳәа ажәа хәахәак акәым, иара лыбла ырцәгьаны дырмыхәаԥшыцызт ҳаб раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыс лҟнытә иоухьаз ахәыҷқәа. Уимоу, даара бзиа илбеит, даргьы "ҳан" ҳәа ларҳәон. Ииашаҵәҟьаны амлеи, ахьҭеи ыҟан. Ланхәа аҭакәажә илылшагәышьозеи, лхала мацара ахәышҭаара еиқәлырхеит", - еиҭалҳәоит Ладикәа иԥҳа Марина Жьиԥҳа.

Ладикәа Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟнытә ддәықәырҵоит Керчҟа. Устәи иалагоит иеибашьратә мҩа. Севастополь инаркны Будапештынӡа днаӡоит. Изныкымкәа дырхәуеит, аха анцәа имчала иԥсҭазаара еиқәхоит.

Баџьа Хагәышь дахьжу аиашьаратә нышәынҭра. Днепропетровск. - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь хышықәса ааҵуаны, "Ладикәа дҭахеит, уажәшьа иаауа дарбану" ҳәа иҟан, аха уеизгьы изызҳаз ахәыҷқәа ныжьны имцаз Арда Ласариаԥҳа "аԥшәма" ҳәа агәашә аԥхьа аӡәы ибжьы лаҳаны дындәылҵазар, абар ашана - лаԥхьа дгылан Ладиrәа.

Аашықәса еиҟәыҭханы иҟаз хаҵеи ԥҳәыси, раԥхьатәи реиԥылара атәы далацәажәо, Марина Жьиԥҳа алаф ахҳәаауа иазгәалҭоит, анаҩс лан ишылзеиҭалҳәаз игәыдибакылар шырҭахыз, аха аӡәы ибар ҳәа ишәаны блала акраамҭа ишеиҿаԥшуаз.

Ладикәа Жьиба ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аибашьратәи аиубилеитәи медалқәа. Иахьа имоҭацәа еиқәханы ирымоу "Аџьынџьтәылатә еибашьра" аорден II аҩаӡара ауп.

 

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЛадикәа Жьиба ианашьаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡаразы аршаҳаҭга
Аӷа ихқәа рҽацәыхьчареиԥш иуадаҩын амлеи ахьҭеи рычҳара: Ладикәа Жьиба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ладикәа Жьиба ианашьаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡаразы аршаҳаҭга

"Ҳаб аибашьраан ихигаз алацәажәара иҭахӡамызт. Амала зны-зынла дынкахәыцуа дантәалоз еиҭеиҳәон аӷа ихқәа рҽацәыхьчареиԥш ишыуадаҩыз амлеи ахьҭеи рычҳара. "Солдаҭк часак цәыригомашь ҳәа ҳнаԥшы-ааԥшуан ҳаԥсы еиҭаҳкуеит ҳәа минуҭқәак ҳантәалоз", - аниҳәоз сгәы аҵәымаӷ еиԥш иалалон иажәақәа. Ажәылара ианыршьҭуаз, раԥхьа ихәны, мамзаргьы ишьны икаҳауаз рхы ларҟәны ирыхәаԥшыргьы ҟаломызт, ирхысны ицон. "Аӡмах ҳҭысуазшәа сгәы иабон, убриаҟара ашьа кашын аибашьра адәаҟны" ҳәа иажәа иалеиҵон урҭ аамҭа хьанҭақәа данрызхьаԥшуаз", - лаб ихҭысыз далацәажәоит Марина Жьиԥҳа.

 

Ладикәа Жьиба аибашьра ихыганы данаа, Ардеи иареи хәҩык ахшара рхылҵит, ԥшьҩык аԥҳацәеи, аԥеи. Иахьа ари агәараҭаҟны еиҵагылаз абиԥара иахьынӡарылшо реиҳабы ихьӡ дырӡӡом. Ладикәа ажәа ишаимыршьуазгьы, дара рҟынӡа инеиз ахҭысқәа "иԥшьоу ажәаны" ирԥхьаӡоит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку анҵамҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0