Sputnik амчыбжь: афымцамч азҵаарақәа, ԥыхьатәи аминистр иганахьала ашьауc

© Sputnik / Томас Тхайцук Диспетчерская "Черноморэнерго"
 Диспетчерская   Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиднакылеит хәажәкыра 22-28 рзы Аԥсны имҩаԥысыз ахҭысқәа реизга.

Ари амчыбжь азы Аԥсны ирылацәажәан аенергетика аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа, аҳасабырба азун афымцалашара ахархәара ацашьа, Апрокуратура хада уаанӡатәи аминистр иганахьала ашьаус хацнаркит, адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахеит, Аԥсныҟа иааит ашьапылампылтә академиа "Зенит" ахаҭарнакцәа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала аусҭҵаара иацҵоуп, Ҷлоу ақыҭаҿы арыцҳара ҟалеит – абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik аҟны.

Аенергетика апроблемақәа рылацәажәара

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистри "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи, араионтә филиалқәа рнапхгаҩцәеи реилацәажәараан ирзааҭгылан Аԥсны аенергетика аусхк аҟны апроблемақәа. Аилацәажәара мҩаԥысит хәажәкыра 24 рзы.

В «Черноморэнерго» прошло совещание министра экономики Кристины Озган с руководством и представителями районных филиалов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит

Озган еиҭалҳәеит иахьазы уахыки-ҽнаки рыла рхы иадырхәо афымцамч ҩ- миллион киловатт-сааҭ шыҟоу.

Озган илҳәеит афымцамч ахархәара шеиҵатәу Гәылрыԥшь, Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы, аҭагылазаашьа шыуадаҩу Гагра, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәа рҿи Аҟәа ақалақь аҿи.

ЕгрыГЕС аусура иалагоит лаҵара 1-2 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа.

Иара иажәақәа рыла иахьазы аусурақәа 60 процент инагӡоуп, мшаԥымза анҵәамҭазы ихыркәшахоит.

Аремонт ахьцо атоннель адиаметр 9,5 метра иҟоуп, аура –15,5 километра. Мебониа иҳәеит ипроблемоу аҭыԥқәа зегьы рҿы хымз рыла аремонтҟаҵара шалымшо, убри азы еиҳа иуашәшәырҭо аҭыԥқәа рҿы аремонт шыҟарҵо, уи 2,5 километра шыҟало.

Уаанӡатәи аминистр иганахьала ашьаус ахацыркреи амилициа рықәлареи

Хәажәкыра 24 рзы Аԥсны Апрокуратура ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Арепатриациазы аилак уаанӡатәи ахантәаҩы Беслан Дбар иганахьала.

Министр по репатриации Беслан Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр иганахьала ашьаус хацыркуп

Дбар харас идырҵоит имаҵуратә ҭыԥ ихы иархәаны ҳәашгашрала, мҽхакы ҭбаала ЗҲәА "РемСтрой2012" адиректор Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩбеи алархәны амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит ҳәа.

Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, 2018 шықәса нанҳәа 20 инаркны 2020 шықәса мшаԥы 24 рзы министрс иҟаз Дбар, амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит, гәыԥҩык ауаа - Лакербаиеи, Ақаҩбеи, иареи - заанаҵ еицәажәаны мҽхакы ҭбаала абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны мцҳәарала, ишԥаршеиз заанаҵ идырны ишьақәиргылеит амаҵзуратә документқәа. Инагӡаз аусурақәа рыдкылан ҳәа иԥаршеиз актқәеи урҭ аусурақәа рыхәԥса зныз иԥаршеиз аилыркаагақәеи ҟаҵан, 2017 шықәса мшаԥы 28 рзы "Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблан Далтәи амҩаҿы иҟоу акоттеџьтә еиланхарҭаҿы аӡымҩангагеи ацрыҵцарҭақәеи адәахьтәи рҳақәа" захьӡу аиқәшаҳаҭра анагӡаразы акәызшәа иҟаҵаны.

Адокумент ԥаршеиқәа рнапы аҵаҩуп - анардадаҩ хада Лакербаиа, атехникатә хылаԥшҩы Ақаҩба, аҿаҵаҟаҵаҩ Дбар. Дара рҿы еиҭанҵан уаанӡа инагӡаз: АУН "Аибӷа" 2013-2014 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан акоттеџьтә ҳабла канализациалеи ӡымҩангагалеи реиқәыршәараз имҩаԥнагаз аусурақәа.

Абас ала, адокумент ԥаршеиқәа шьаҭас иҟаҵаны уаанӡатәи арепатриациа аминистр Дбар адҵа ҭижьит нанҳәа 24 2018 шықәса инаркны рашәара 28 2019 шықәсанӡа ЗҲәА "РемСтрой 2012" арепатриациа Афонд аҟынтәи иахыԥхьаӡалазарц аԥара. Иарбоу аамҭала аилазаара АБ "Универсал-Банки" АБ "Амра-банки" рҟны иамоу аԥхьаӡамҭахь инашьҭын 25 296 598 мааҭ. Дара еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы чекла Лакербаиа иҭигеит, Ақаҩбеи Дбари иареи ирхатәыртәразы.

Иара убасгьы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Гурам Анқәаб, 1987 шықәса рзы иизи Муза Мургвлиани, 1987 шықәса рзы иизи, ишьақәыргылам хаҿыки рганахь ала.

Дара хараны ирыдырҵоит амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәара, закәаншьаҭада абџьари иара ахәҭақәеи, аџьаԥҳани, арԥжәагақәеи раахәара, рыҭира, рымҩангара, рныҟәгара рзы.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла 2021 шықәса хәажәкыра 7 асааҭ 03:30 рзы, Анқәаб, Мургвлиани, зхаҭара шьақәыргылам аҽаӡәы ареактивтә граната РПГ-26 ала рҽеибыҭаны Аҟәа, Аргәын имҩа аҩны №4 аҿы иҟоу Аԥсны ААР амилициа аҟәша №1 иақәлеит.

"Зенит" Аԥсны

Ахәыҷы-қәыԥштә Академиа "Зенит" 200-ҩык рҟынӡа ашьапылампыласыҩцәа Аԥсныҟа иааит аҽазыҟаҵарақәа рзы, хәажәкыра 19 рзы аҽазыҟаҵарақәа рзы.

Торжественное открытие филиалов Академии Зенит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
"Зенит" Академиа афилиал аадыртит Аԥсны

Санкт-Петербургтәи ашьапылампылтә клуб иазыԥхьагәанаҭоит шықәсык ахь ҩынтә-хынтә Аԥсны аҵара-ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит "Зенит" ахәмарыҩцәа Аԥсны иҟанаҵы аҭыԥантәи акомандақәа ишрыцыхәмаруа.

Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Ахәыҷы-қәыԥштә академиа Аԥсны аартра иазкыз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 27 рзы.

Уи адагьы Аԥснытәи ахәмарыҩцәа ироуеит алшара питертәи "Зенит" азы иқәгылаларц.

Акультуратә усеицура

Хәажәкыра 25 рзы Урыстәылеи Аԥсни 2021 шықәсазтәи акультура аусхк аҟны аусеицураз аплан рнапы аҵарҩит Аԥсни Урыстәылеи рминистрцәа Гәдиса Агрбеи Ольга Лиубимовои.

Подписан  План сотрудничества между Россией и Абхазией в области культуры на 2021 год  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Урыстәылеи Аԥсни 2021 шықәсазтәи акультура аусхк аҟны аусеицураз аплан рнапы аҵарҩит

2021 шықәсазтәи акультура аусхк аҟны аусеицураз аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп Игор Моисеев ихьӡ зху жәлар рыкәашара академиатә ансамбль аконцертқәа Аԥсны рымҩаԥгара, Ф. А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу ИАРи Балтиеи атәылақәа ХХIII Жәларбжьаратәи ртеатртә фестиваль аартраан ақәыргылара.

Аԥсны ахьыԥшымра Амш, нанҳәа 26 азы Аҟәа имҩаԥгахоит аконцерттә программа, уи иалахәхоит П.И. Чаиковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабра алауреатцәеи, Адыгеиатәи Ареспублика афилармониа асимфониатә оркестри, Аԥсны Аҳәынҭқарра акамертә оркестри.

Ахәышәтәырҭа ҿыц

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа 2017 шықәса рзы Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара иалагеит. Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа мшаԥымзазы ахархәарахь ирырҭоит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор Руслан Тәанба.

Кристина Озган проинспектировала строительство ЦРБ в Ткуарчале - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа мшаԥымзазы ахархәарахь ирырҭоит

"Ахәышәтәырҭатә комплекс ахь иаҵанакуеит акрыфарҭа, ацхыраара ласы, аморг, агаражқәа. Зегь ааидкыланы мшаԥымза нҵәаанӡа ахархәара иазырхиахоит", - иҳәеит иара.

Тәанба иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭа ахаҭабзиаратә стандарт ҳаракқәа ирықәшәо ишыҟоу, акомплекс ахыбра жә-баллк иҟоу адгьылҵысра ачҳартә ишышьақәыргылоу.

"Аҩнуҵҟатә усурақәа мҩаԥысуеит. Аҿҳәарақәа ҳархымԥартә аус аауеит. Аобиект дууп. Аусурақәагьы маҷым", - иҳәоит Руслан Тәанба.

Уи адагьы уажәы уахь анагара иаҿуп амедицинатә хархәагақәа, урҭ рықәыргылара 10-15 мшы аҭаххоит.

Ахәышәтәырҭа 80 иара акуеит, Тҟәарчал араиони ааигәа-сигәатәи ақыҭақәеи руааԥсыра рымаҵ ауа иҟалоит.

Аҭаҩрақәа хыркәшоуп

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥгахоит ҳазну ашықәс мшаԥы 11 рзы.

Документы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Араионтә еизарахь аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахеит

Араионтә алхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 22 рҟынӡа ашәҟәы рыҽҭаргалеит 241 аԥшьгаратә гәыԥ, аполитикатә партиақәа рҟынтәи 36 кандидат ықәыргылоуп.

Араионтә еизарахь зкандидатцәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара Гагра ихыркәшахеит хәажәкыра 21 азы. Дара зынӡа 39 ыҟан.

Гагра араион алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Беслан Кәартаа иазгәеиҭеит аполитикатә партиақәа шыҟамыз, убри аан хәҩык аҳәса ркандидатурақәа ықәыргылан.

Зегь иреиҵбу 27 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 61.

Гәдоуҭатәи алхратә комиссиаҿы арзаҳалқәа рыдыркылеит 63 аԥшьгаратә гәыԥ рҟынтәи 6 гәыԥк рырзаҳалқәа дырхынҳәит. Адепутатрахь инеиуеит хәҩык аҳәса.

Акандидатцәа иреиҵбу 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 68.

Аҟәатәи араионтә еизара 15-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Иахьазы 25-ҩык акандидатцәа ықәгылоуп, урҭ рҟынтәи хәҩык ҳәсоуп.

Аҟәатәи алхратә комиссиаҿ 45 аԥшьгаратә гәыԥ ыҟоуп, урҭ рҟынтәи ԥшь-гәыԥк ҳәсоуп зкандидатура ықәдыргыло. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи кандидатура ықәдыргылом.

Иреиҵбу акандидат 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу - 59. Аполитикатә кариера аҟаҵара рыгәҭакуп: архитектор, аенергетик, астоматолог, ахирург, анџьныр, аспортсмен, анаплакҩы уҳәа егьырҭгьы.

Гәылрыԥшь араион аҿы 15 депутат алхтәхоит. Алхыҩцәа рсиа 11 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Алхратә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сусанна Триандофилиди ишылҳәо ала, аҭаҩратә процедура иахысит 23 аԥшьгаратә гәыԥ, аполитикатә партиақәа ыҟамызт.

Очамчыра алхратә комиссиа ахантәаҩы Роберт Шьынқәба иҳәеит ашәҟәы ишҭагалоу 39 аԥшьгаратә гәыԥ, 15 кандидат аполитикатә партиа "Амцахара" ишықәнаргылаз.

Тҟәарчал араион аҿы 10-ҩык акандидатцәа ықәнаргылеит аполитикатә партиа "Амцахара", 12 – ҩык аԥшьгаратә гәыԥ.

Иреиҳабу акандидат 66 шықәса ихыҵуеит, иреиҵбу – 26. Ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Иҟоуп азиндырыҩцәа, аргылаҩцәа, арҵаҩцәа, абизнесуаа. Араион аҿы рыбжьы рҭиуеит хәнызқьҩык рҟынӡа.

Гал араион аҿы акандидатцәа рсиаҿ аԥыжәара рымоуп аполитикатә партиа "Амцхара" акандидатцәа – 11-ҩык. Иҟоуп аԥшьгаратә гәыԥкгьы.

Иреиҵыбӡоу акандидат 32 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 67. Асиа иануп ҩыџьа аҳәсагьы.

Алхрақәа араионқәа зегьы рзы аҵакы рымоуп, аха Гал араион азы еиҳагьы иҷыдоуп, избанзар ара 2009 шықәса раахыс урҭ мҩаԥымсыцызт.

Ҷлоу ақыҭантәи атрагедиа

Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан аԥжәара ҟалеит хәажәкыра 25 асааҭ 7:00-8:00 рзы. Иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ахаҵа бырг дҭахеит ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит ақыҭа Ӷәада ахада Циала Ашәԥҳа.

ГАИ милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Амилициа Ҷлоу ақыҭан аҭыԥ змаз атҟәацра зыхҟьаз ҭырҵаауеит

"Аԥҳә лбааигон. Амина акәу, аграната акәу ак иҵаԥжәеит. Уи атәы АҶА аусзуҩцәа еиҳа ирдыруеит. Иара д-Џьопуоуп. Ҷлоуи Ӷәадеи ақыҭақәа рҳәааҿы дынхон. 80 шықәса ихыҵуан",- лҳәоит лара.

Макьаназы Ҷлоу ақыҭа ауаҩԥсы Андреи Џьопуа иҩны ааигәара иусқәа данырҿыз иҵаԥжәаз артҟәацга зеиԥшхку шьақәыргылам. Абри аганахь ала аусҭҵаара цоит.

Аиҭаусҭҵаара

Хәажәкыра 23 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа иршьоз Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Адгәыр Аутлев, Витали Кулов рганахьала ариашаратә зыӡба иаднакылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара иаԥнахит, аус Апрокурор хада иахь иархынҳәит аиҭаҭҵааразы.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа аҩнытә рбаандаҩра иаҵаркуп лаҵара 23 рҟынӡа.

Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа зыриашоз аӡбамҭа аԥнахит

1969 шықәса рзы ииз Анзор Ҭарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит.

2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбарала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡан, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәыркырак ыҟам ҳәа ахьазырыԥхьаӡаз азы.

Абҵара 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭарба иԥсра аус азы гәҩарас иҟаз ауаа ахара рыдым ҳәа ианариаша ашьҭахь ақәҵара аднакылеит ззинмчқәа ишахәҭаз иназмыгӡаз Апрокуратура хада аусзуҩцәа рымшала акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкыланы иҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа закәаным иагьҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡеит, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь иашшит.

Ажәабжьқәа зегьы
0