"Акоронавирус ҳазҭанаргылаз аамҭа убысҟак ҳашьцылеит, шьҭа иарадагьы ԥсҭазаарак ыҟоуп ҳәа ҳгәы иаанагом. Зегьы реиҳа иуадаҩыз уҭаацәа урылҵны мчыбжьыла аҩны аҟамзаароуп, ахәыҷқәа гәхьааугоит, убри ауп зегьы реиҳа амедусзуҩцәа игәныргозгьы. Аԥхьа ачымазара ианалагоз аусура аӡәгьы иҭахӡамызт ацара, ауаа еизаҳгон, аха знык унеины ачымазаҩ ила уанҭаԥшлак, уи дышшәо анубалак, убасҟак ргәы рзыбылуа иалагон, исҭахӡам зҳәоз, анаҩс ачымазаҩцәа гәхьааргон. Асменақәа анырыԥсахуазгьы, абри шәихылаԥш, дуашәшәыроуп ҳәа еибырҳәон. Аҳақьымцәа убасҟак аус руан, убри аҩыза арежим иҭагылан, сындәылҵындаз ҳәа ргәы азыҳәо аамҭагьы рымамызт. COVID зыхьны згәабзиара аиҭашьақәыргыларазы асанатортә ԥсшьарахь ишьҭтәу ҳәа асиа макьаназы иануп 30-ҩык - амедиаҳәшьцәа, асанитарцәа. Дара зегьы ачымазара ӷәӷәаны изхызгаз роуп, дара ргәабзиара ааха ӷәӷәа анаҭеит. Иазгәаҭатәуп амедицина аусзуҩцәа еиҳарак иӷәӷәаны ачымазара шырхырго. Ҳара есҽны ачымазаҩцәа рҿы аус ҳамоуп, убри аҟнытә араҟа ихадароуп авирус шаҟа уоуз. Даара угәы унархьуеит зыԥсҭазаара иалҵыз ачымазаҩцәа, аха амедусзуҩцәа ачымазара аҩныҟа иааганы зани-заби идырхьны зыԥсҭазаара иалҵызгьы рацәоуп, убри аҟнытә, уи угәнугаша, угәы змырҭынчуа акәны иаанхоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны акоронавирус иаҿагылан иқәԥоз амедусзуҩцәа ԥсшьара ирышьҭуеит
-
Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 ауаа ирзыннажьуа ачымазарақәа ртәы
-
Арҷелиаԥҳа COVID-19 аҟнытә аҩны зҽызхәышәтәуа рзы: сааҭла ҳанрацәажәогьы ыҟоуп