Аԥсны даҽа 29 коронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтделение для больных коронавирусом
Отделение для больных коронавирусом - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13487-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12905-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 214-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 193-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 29-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 25-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 11-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0