АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит ашәахьа мшаԥы 5 рзы ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Иазгәаҭоуп, аӡы аанкылахоит Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциа хада №3 аҟны аӡымҩангага аремонттә усурақәа ирыхҟьаны. Аӡы ҟалаӡом асааҭ 00:00 инаркны 23:00 рҟынӡа ақалақь абарҭ араионқәа рҟны: Кәыдрытәи Ҷанбеи рымҩақәеи, Турбаза араиони, Баслаҭа ақыҭеи.
АУН "Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.