"Ақалақь архитектура. Апроектқәа, ахшыҩҵакқәа, аперспективақәа" захьӡу ацәыргақәҵа аартуп Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Уаҟа ицәыргоуп Аҟәа аҭоурыхтә хәҭеи Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи рҟны ахыбрақәа рырҿыцреи реиҭашьақәыргылареи ирыдҳәалоу апроектқәа 25. Ацәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥы 9-нӡа.
"Еимаҳдалар ҳҭахуп ҳдырра, насгьы зусумҭақәа ҳамбац егьырҭ архитекторцәа раԥҵамҭақәа абара, алацәажәара даара ихадоуп…Архитектор изанааҭ ала Аԥсны, хымԥада, иҟоуп аусутә. Иубарҭоуп ауаа азҿлымҳара шаадырԥшуа, ирҭахуп руадақәа рзы адизаин –апроектқәа ҟаҵаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагара. Асасааирҭақәа, аҩнқәа рыргылараан иаҳа иазхәыцуа иалагеит архитектура. Ҳара ҳашҟа апроект аҟаҵаразы инеиуа ауаа излаҳалшо ираҳҳәоит ииашаны ишыҟаҵатәу, уи ҳапроектқәа рыла идҳарбароуп. Даҽа мчы ҳамаӡам (ақалакь архитектура аиӷьтәразы- аред.) иҟоуп еилызкаауа, иҟоуп издызымкыло. Зны –зынла избоит са исҳәо, иҟасҵо шамыхәо. Аргылара аамҭа анааиуа дара ишырҭаху ала ирыԥсахуеит апроект, избанзар уи ахылаԥшразы азакәан ишаҭаху аус ауам Аԥсны. Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоу апроектқәа рыбжьара иҟоуп идыргылахьоу, идмыргылац ахыбрақәа. Иҟоуп Аҟәа агәаны иргылоу аҩнқәа. Уахәаԥшыр ауеит апроект шыҟаҵаз, иандыргыла аҵыхәтәаны иалҵыз. Убри аҟынтә ацәыргақәҵа аинтерес аҵоуп", - азгәалҭеит Чкотуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ажәытә қалақьқәеи аидеиа ҿыцқәеи: Аҟәа иаатит архитекторцәа рцәыргақәҵа