АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Максим Гусин ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит.
Максим имоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа аоптимизм злоу арԥысуп. Даара бзиа ибоит аԥсыӡкра.
"Схәыҷаахыс, фышықәса анысхыҵуаз инаркны аԥсыӡ скуеит. Уажәшьҭа уи адагьы схәарҭам. Амшын аҿы, аӡҭарч аҿы, Аҽгәара – аԥсыӡ ахьысымкыц ыҟам", - рзеиҭеиҳәеит иара ажурналистцәа.
Максим сынтәа ԥсыӡкра дзымцац. Жәабранмзазы иармашьап ахы ақәшәеит машәырла. Аҩны иацәыхырамкәа абнакәата зхыз аӡиахьы есышықәса ашәарыцаҩцәа еизалоит. Аброуп Максим ахы ахьиаахазгьы.
Иаразнакы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аоперациа изуын. Аха ишьапы рзеиқәмырхеит, ихҵәатәхеит.
Асеиԥш ашьҭахь Максим аҩны дыҟоуп. Ааигәоуп амҿеидыԥсалала аныҟәара даналагаз. Максим иҩызцәа, класск аҿы аҵара ицызҵо дгәыгәҭарыжьуам.
Максим ишьапы шицәыӡызгьы данрыцҳаршьо бзиа ибом, хара имгакәа аныҟәара сылсыршоит иҳәоит иара.
Максим иоурц алшоит аныҟәарази аԥсыӡкрахь ацарази алшара. Уи азы апротез ҷыда изыҟаҵатәуп. Апротез ахәԥса 391 нызқьмааҭ иҟоуп.
Гусинаа рҭаацәараҿы хәҩык ахәыҷқәа ирызҳауеит, Максим ихәышәтәразы аԥареизакра рылшом. Иара иакәзар Ереван, апротезҟаҵаратә центр "Ортез" аҿы изыԥшуп. Аҳақьымцәа ишалшо ала аамҭа мгакәа апротез ҟаҵазароуп ҳәа рҳәоит, иеиҭашьақәгылара еиҳа иццакхарц азы.
Максим ацхыраара иҭашьа еиҳа инарҭбааны еилышәкаар алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.