Афонд "Ашана" Еллариа Багаҭелиаԥҳа лзы аԥареизгара хнартит

© Foto / Благотворительный фонд "Ашана"Эллария Багателия
Эллария Багателия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихнартит жә-шықәса зхыҵуа Еллариа Багаҭелиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара. Лара лҭагылазаашьа аиӷьтәразы иаҭахны иҟоуп 233 600 мааҭ.

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихнартит жә-шықәса зхыҵуа Еллариа Багаҭелиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара.

Аӡӷаб дхәыҷаахыс ацеребралтә дабла лымоуп. 2013 шықәса раахыс Еллариа "Москватәи амедицинатә технологиақәа ринститут" аҟны лыхәышәтәра ԥшь-курск мҩаԥыргахьеит.

Еллариа лыкрыфара ҷыдазароуп, лхала афатә лзыҟаҟом. Уажәы лара изаамҭанытәиу акурсқәа дырхысыроуп – арыҩшьыга ҟаҵаны лхаԥыцқәа ыҵхтәуп, адабла цәырызгаз аилкааразы агенетикатә ҭҵаара ҟаҵатәуп.

© Sputnik / Анжелика БенияЕллариа Багаҭелиаԥҳа лани лареи
Афонд Ашана Еллариа Багаҭелиаԥҳа лзы аԥареизгара хнартит - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Еллариа Багаҭелиаԥҳа лани лареи

Иара убасгьы Еллариа дызныҟәаӡом. Атерапевт Арзадин Агрба иажәақәа рыла, аӡӷаб мышкызны лшьапы дықәгылап ҳәа аҳәара шыуадаҩугьы лшарак ҟалар ауеит.

Есыҽны аметодистцәа аус лыдырулалароуп. Аметодист идагьы адефектолог, аԥсихолог, амассаж ҟазҵо аҟазауаа лҭахуп, иҳәоит иара.

Еллариа лҭагылазаашьа аиӷьтәразы иаҭахны иҟоуп 233 600 мааҭ.

Ахәыҷтәы церебралтә дабла ма ДЦП – ауаҩы иныҟәара, ихықәтәалара, иҽыриашара анырра рызҭо комплекстә еилагароуп.

Ахәыҷы ацхыраара лыҭашьа еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0