АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат мшаԥы 20 рзы иалагоит, иҳәеит Аԥсны Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагба Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.
"Ачемпионат мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа имҩаԥыслоит. Рашәарамза актәи ахәҭаҟынӡа актәи аикәшара хҳаркәшоит, цәыббрамза инаркны аԥсшьара ашьҭахь аҩбатәи аикәшара ҳалагоит, нас – ахԥатәи", - иҳәеит иара.
Изаамҭанытәиу ачемпионат иалахәоит акомандақәа ааба: "Садӡ" – Цандрыԥшь, "Гагр – Гагра, "Афон" – Афон ҿыц, "Риҵа" – Гәдоуҭа, "Динамо"–Аҟәа, "Нарҭ" –Аҟәа, "Самырзаҟан" –Гал, "Шахтер" – Тҟәарчал.
"Акоманда "Шахтер" акраамҭа ачемпионат иалахәымызт. Сынтәа акоманда анапхгара, аспортеилакы аиҳабыра, ақалақь ахадара напеилаԥсала ирылшоз зегь ҟарҵеит акоманда ачемпионат иалахәхарц. Аҭыԥантәи ашьапылампыласыҩцәа маҷуп азы аҳәара ҟарҵеит егьырҭ арегионқәа рҟынтәи акомандаз ихәмарырц", - иҳәеит иара.
Ҭарашь Ҳагба иара убасгьы далацәажәеит ареспубликатә чемпионат аҟны аӡбразы аусқәа шеиҿкаау.
"Аӡбаразы апроблемақәа ахьҳамоу азы Урыстәыла ашьапылампылтә еидгылахь ацхыраара ҳаҳәеит. Аӡбаҩцәа рыбригадақәа ааҳгалоит", - иҳәеит Афедерациа ахада.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит урыстәылатәи аӡбаҩцәа аиҳабыратә лигаҿ адагьы ахәыҷы-қәыԥштә лигаҿгьы аӡбра шымҩаԥыргало.