Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит

© Foto / instagram / euro_tennisАмина Аншба
Амина Аншба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа бразилиатәи аспортсменка Лаура Пигосси дылиааиит ITF W25 актәи аикәшараҿы, Кордоба.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменка Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит ҳәа аанацҳауеит Евроспорт.

"Амина Аншԥҳа, 335-тәи аҭыԥ WTA ареитинг аҿы измоу, аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит. ITF W25 актәи аикәшараҿы, Кордоба", - аҩуеит аресурс.

Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа длындаҭлон бразилиатәи аспортсменка Лаура Пигосси. Ахәмарра 4 сааҭки 56 минуҭи имҩаԥысуан. Аԥснытәи аспортсменка аиааира лгеит 7:5, 3:6, 7:5 ҳәа.

Ажурналист Хосе Моргадо иазгәеиҭоит уаанӡа Амина Аншԥҳа адунеитә ҭоурых аҿы аабатәи алҵшәа шаалырԥшыз 2019 шықәсазы Пьенце имҩаԥысуаз ақәгылараангьы. Усҟан лара 4 сааҭки 30 минуҭи рыла урыстәылатәи аԥқьаҭасыҩ Анастасиа Комардина дылиааиит.

Абхазская теннисистка Амина Аншба в паре с венгеркой Панной Удварди победила в  турнире ITF W25 в Буэнос-Айресе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Амина Аншԥҳа Аргентина ҩыџьа-ҩыџьалатәи аԥкьаҭымпылтә турнир аҿы аиааира лгеит

Ахәмарратә рекорд мҩаԥган 1984 шықәса рзы Ричмондгьы. Усҟан ахәмаррақәа мҩаԥысит 6 сааҭки 31 минуҭи рыноурыларала. Еиндаҭлон ЕАА аспортсменкацәа.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы раԥхьатәи аԥсуа спортсменка лакәхеит ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥсуа ԥкьаҭасҩы Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә ассоциациа (ITF) атурнир аҟны аиааира лгеит. Уи лкариераҟны ахәбатәи иааира дууп.

Амина уажәы адуцәа рыбжьара WTA жәларбжьаратә ареитинг ала адунеитә таблицаҿ 335-тәи аҭыԥ аанылкылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0