АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 179-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 22-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 27-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аҿкычымазара зыдбалоу уаҩ дышьҭаӡам.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>