Араионтә алхратә комиссиақәа ауаа рааишьазы адырра ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в органы местного самоуправления 2021
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион аҿы асааҭ 17:00 рзтәи аҭагылазаашьала ауаа рааишьа иартәоит 54%. Абжьыҭара макьана иаҿуп.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Аԥсны араионқәа ралхратә комиссиақәа рлахәылацәа адырра ҟарҵеит асааҭ 17:00 рызтәи аҭагылазаашьала аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан ауаа рааишьа зеиԥшроу.

Аслан Бжания проголосовал на выборах в местное самоуправление  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аслан Бжьаниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

Очамчыра араион аҿы асааҭ 17:00 рзы рыбжьы арҭахьан 5528-ҩык алхыҩцәа, уи алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 36,3% артәоит ҳәа иҳәеит араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Роберт Шьынқәба. Иара иазгәеиҭеит алхырҭақәа ԥшьба рыда егьырахь ишьақәгылеит ҳәа уҳәар ҟалоит ҳәа. Аилагарақәа ҳәа акгьы макьана иазгәаҭам.

Гәылрыԥшь араион аҿы ааишьа асааҭ 15:00 рызтәи аҭагылазаашьа атәы рҳәеит. Араионтә комиссиа ахантәаҩы Дмитри Габлиа иажәақәа рыла, абжьыҭара жәа-ҭыԥк рҿы имҩаԥысит ҳәа уԥхьаӡар ауеит. Зынӡа араион аҿы 15 депутаттә мандат рымоуп.

Гал араион аҿы асааҭ 17:00 рзтәи аҭагылазаашьала ауаа рааишьа иартәоит 54%. Абжьыҭара макьана иаҿуп. Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игор Амҷба иажәақәа рыла, азеиԥш ааишьа ҳаракызаргьы, хаз игоу алхратә ҭыԥк аҿы алхрақәа шьақәгылахьеит ҳәа уҳәартә иҟам макьана. Абжьыҭара ҭынчны имҩаԥысуеит, гәынамӡара ҳәа акгьы ыҟам.

Асааҭ 17:00 рзтәи аҭагылазаашьала Тҟәарчал араион аҿы азеиԥш ааишьа иартәоит 30%. Алхратә ҭыԥқәа 12 рҿы алхрақәа шьақәгылеит ҳәа уҳәар ауеит, аҭыԥқәа хԥа рҿы маҷк агуп ишьақәгыларц азы ҳәа иҳәеит Тҟәарчал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Витали Чачхалиа.

Асааҭ 16:00 рзтәи аҭагылазаашьала Аҟәатәи алхратә ҭыԥ хадақәа 19 рҟынтә ауаа рааишьала алхрақәа шьақәгылеит ҳәа уԥхьаӡар ауеит аҭыԥ хадақәа 4 рҟны заҵәык. Зеиԥшла 39 нызқь алхыҩцәа рахьтә зыбжьы азҭахьоу 8,132-ҩык алхыҩцәа роуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь алхратә комиссиа.

Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Арадио
Ҳагба ахаланапхгараҭарақәа рнапынҵақәа рырҭбааразы: амчра алегитимра арӷәӷәоит

Аҟәа араион аҿы асааҭ 17:00 рзы рыбжьы арҭахьан 2101-ы алхыҩцәа, уи азеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 29% артәоит. Аҟәа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, алхратә ҭыԥ хадақәа реиҳарак рҿы 25% иреиҳаны ауаа ааихьеит. Ҩ-ҭыԥ хадак рҟны асааҭ 17:00 рзы 20, 21% роуп иааихьаз.

Гагра араион аҿы бжьаратәла асааҭ 17:00 рзы ауаа рааишьа 19% артәеит, абри атәы иҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кәартаа. Иара иажәақәа рыла, аҭыԥқәа реиҳарак рҿы макьана алхрақәа шьақәымгылацызт. Абжьыҭара ҭынчны имҩаԥысуеит.

Гәдоуҭа араион аҿы алхрақәа мҩаԥысит 32 алхратә ҭыԥ хадақәа рахьтә 30 рҟны ҳәа азгәеиҭеит Лавренти Гәбаз. 25% макьана ирхымсыцт 15-тәи аҭыԥ хадаҟни Афон ҿыц иҟоу 26-тәи аҭыԥ хадаҟни. Убри аан Гәбаз агәрагара ааирԥшит абжьыҭара ахыркәшамҭазы алхрақәа иахьабалак ишьақәгылап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0