Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп

© Fotolia / Aleksandr VolkovЭлектрические лампочки
Электрические лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 6 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара ес х-сааҭки х-сааҭки рыбжьара сааҭк-сааҭк идырцәон.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик ҿыц алагалахоит 00:00 сааҭ мшаԥы 1 инаркны, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Афымцалашара аиуразы аԥкрақәа абри асхемала иалагалоуп: ҽынла-сааҭк, уахынла-ҩ-сааҭк.

  • Аҟәа агәҭа, Пицунда, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа аҳабла, Гал араион абжак фымцалашарада иҟазаауеит асааҭ 01:00 инаркны 03:00 рҟынӡа, асааҭ 13:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.
  • Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, Аҟәа мрагыларатәи ахәҭа, Аҟәа агәҭа, Аҟәа араион мраҭашәаратәи ахәҭа, Гәдоуҭа араион мраҭашәаратәи ахәҭа фымцалашарада иҟазаауеит асааҭ 03:00 инаркны 05:00 рҟынӡа, асааҭ 14:00 инаркны 15:00 рҟынӡа.
  • Аҟәеи, Аҟәа араион мраҭашәаратәи ахәҭа, Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа, Гали Тҟәарчали рраионқәа, Мархьаул ақыҭа фымцалашарада иҟазаауеит асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа, асааҭ 15:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.
  • Гагра араиони, Гагра ақалақьи фымцалашарада иҟазаауеит асааҭ 03:00 инаркны 05:00 рҟынӡа, асааҭ 15:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.

Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы, ус иҟазаауеит, иахьазы аремонт усурақәа ахьымҩаԥысуа ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭахаанӡа.

Мшаԥы 8 рзы, аурыс ган Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа афымцалашара алимит шьақәнаргылеит быжь-миллион киловатт-сааҭ, атәылаҟны еиԥымҟьрада афымцалашара аҟазааразы иаҭахуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ, азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0