АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 283-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 53-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Мшаԥы 12 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1940 шықәсазы ииз апациентка. Лара лдиагноз хада - акоронавирустә инфекциа ҿыц.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - аа-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аҿкычымазара зыдбалоу уаҩ дышьҭаӡам.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>