Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Думаа Радион Ҵәыџьба изы: аԥсуара ихы-иԥсы ақәиҵон

© Sputnik / Томас ТхайцукАполлон Думаа
Аполлон Думаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә усзуҩ Радион (Кәыри) Акәын-иԥа Ҵәыџьба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 80 шықәса ихыҵуан. Арадио Sputnik аефир аҟны иҩыза дигәалаиршәеит Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.

Радион (Кәыри) Акәын-иԥа Ҵәыџь диит мшаԥы 13, 1941 шықәса рзы, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Ашкол даналга дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт. Уи ашьҭахь аамҭала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны кәашаҩыс дыҟан, аус иуан иара убас атуризми аекскурсиақәеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩыс, Аҳәынҭқарратә еилакы аҟәша аиҳабыс, апартиа Очамчыратәи араионтә еилакы аҟәша анапхгаҩыс, араинагӡком акультура аҟәша аиҳабыс, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша дахагылан. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит иажәеинраалақәеи истатиақәеи рыла. Иҭыҵхьеит урҭ еидызкыло ишәҟәқәа "Агәы ахьааи" "Аҵәыџь мцеи".

Радион Акәын-иԥа иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәса рзы, анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ҷлоу.

Думаа Радион Ҵәыџьба изы: аԥсуаразы иԥсы ҭихуан

"Радион Акәын-иԥа Аԥсны ахақәиҭратә мҩаҿы иаарылукааша аҷкәынцәа дреиуан, ишықәсқәа зегьы иахьа иҳамоу аԥсҭазаара иақәиҵеит, имилаҭ рҟны илагала даараӡа идууп", - иҳәеит Думаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0