АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡаларц деиҭеит Беслан Бигәаа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иара убри аусԥҟала Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡараҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Уаанӡатәи араион ахада Станислав Амҷба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын жәабран 10 рзы.
Беслан Бигәаа диит ԥхынгәы 28 1971 шықәса рзы Тҟәарчал. Ивановтәи ақыҭанхамҩатә институти Мрагылара-украинатәи аҳәынҭқарратә университети дроушьҭымҭоуп. 1999 шықәса раахыс Москва дынхон.
"Зых иақәиҭу ақәԥаразы СССР аспорт азҟаза". Дҭаацәароуп. Хҩык аԥацәа драбуп.